Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Шургалин: жәашықәса раԥхьа Украина иалагеит "антиУрыстәыла" апроцесс аԥҵара

© Sputnik / Томас Тхайцук Михаил Шургалин
Михаил Шургалин  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2024
Анапаҵаҩра
Украина иахьа имҩаԥысуа аимак — адунеитә еилазаара зегь рзы ахҟьаԥҟьақәа ҟазҵар ауа Урыстәылеи аколлективтә Мраҭашәареи ргеополитикатә еимакуп, реиҿагылароуп ҳәа иҳәоит Михаил Шургалин.
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Жәашықәса раԥхьа Украина иалагеит "антиУрыстәыла" апроцесс аԥҵара ҳәа иҳәоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, сынтәа жәашықәса зхыҵуа 2014 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә мчра аиҭакра ахҳәаа аҭо.

Адипломат иҳәеит СССР анеилаҳа ашьҭахь Еиду аштатқәеи европатәи атәылақәеи Украина иацхрааит Урыстәыла ацәымӷреи анеонацисттә ҟазшьеи рыҿиара, 2004 шықәсазы иадгылеит "оранжеваиа револуциа", 2008 шықәсазы Киев НАТО иалаҳҵоит ҳәа агәра ддыргеит. 2014 шықәсазы акәзар аконстиуциа иаҿагыланы амчра ахҳәара иацхрааит.

"Имҩаԥган Украина ауааԥсыра Урыстәылеи аурысқәеи рцәымӷыркра, уаанӡа бзиарас иааҟаз зегьы рхаршҭра, ргәалашәара алгара, анеонацисттә ҟазшьа арҿиара, аҭоурых аицакра, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра алкаақәа рыԥсахра", - ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Шургалин иҳәоит Донбасс, 2014 шықәса раахыс УАМ иааиԥмырҟьаӡакәа ақалақьқәеи ақыҭақәеи ишрылахысуаз. Москва убри аан Киеви Донбасси реиныршәара иашьҭан, иара абжьаҟазарала нап рыҵаҩын Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа, аха урҭ нас украинатәи аган мап рыцәнакит.
2022 шықәсазы Украина уаанӡатәи ахада Пиотр Порошенко иҿ иқәшаҳаҭхеит урҭ аиқәшаҳаҭрақәа Киев ахатәы ар рырӷәӷәаразы ахы ианархәеит, аамҭа агеит ҳәа. Ари ас шакәыз анаҩс ирҳәеит уаанӡатәи Германиа аканцлер Ангела Меркели Франциа уаанӡатәи ахада Франсуа Олланди.
Ажәабжьқәа зегьы
0