Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи абаӷәаза ақәыԥшылараҟны хә-ӷбак гәаҭан

© SputnikПять судов проверили во время рейда в акватории Сухумской бухты
Пять судов проверили во время рейда в акватории Сухумской бухты - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны амшынтә екологиа ахьчаразы аамҭа-аамҭала иааларҟьаны агәаҭарақәа мҩаԥыргоит, аҵак ду рымоуп амшынтә биологиатә ҭаҵәахқәа реиқәырхаразы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Аҟәатәи абаӷәаза ақәыԥшылараҟны Аԥсны иҟоу УА АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭеи, Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә отриади, Аекологиаз аҳәынҭеилаки русзуҩцәа иааларҟьан агәаҭарақәа анымҩаԥыргоз хә-ӷбак еимырдааит.
Аҟазауаа игәарҭеит Аԥсны амшын қәыԥшылараҿы ишьақәыргылоу азинтә режим ақәныҟәара шымҩаԥысуа.

Аилагарақәа аарԥшымызт. Аӷбақәа рекипажқәа еиҭаргәаларшәан амшынтә биологиатә ҭаҵәахқәа рыкра аԥҟарақәеи амшынԥшаҳәа 500 метра иахьазааигәоу аҟынтәи аԥсыӡкра шыҟамлои рзы.

2024 шықәсазы Аекологиаз аҳәынҭеилакы аилагарақәа хԥа азгәанаҭахьеит: ҩыџьа административтә зинеилагараз аҭакԥхықәра рыдҵоуп, аҽа уск азы макьана аусҭҵаара цоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0