Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа 2024 шықәсазы еиҳа инагӡатәны иҟоу аусқәа ртәы иҳәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инарҭбаау аилатәара мҩаԥигеит Аиҳабыра ахаҭарнакцәа, араионқәа рхадацәа, Апарламент адепутатцәа алархәны.
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Бжьаниа 2024 шықәса рзы нагӡатәы хадас иҟоу Аԥсны атәылахьчаралшароуп иҳәеит, уи аекономика ӷәӷәа ыҟамкәа ҟалашьа шамамгьы азгәеиҭеит.
Аҳәынҭқарра ахада атәылахьчара аминистр адҵа ииҭеит излауала ахыҵхырҭақәа зегьы рхы иархәаны, ҳастратегиатә партниор - Урыстәыла ацхыраарагьы ахархәарала Аԥсны атәылахьчара дырӷәӷәарц.
Атәыла ахада аиҳабыра амчрақәа рымахәҭақәа зегьы русура ахырхарҭа хадақәа азгәеиҭеит, инаҵшьынгьы иҳәеит урҭ ишахәҭоу, лҵшәа бзиала русура ишахьыԥшу атәылауаа рыԥсҭазаара.
Аслан Бжьаниа игәаанагарала, ақыҭанхамҩа аҿиара еиҳа иҳараку аҩаӡарахь инагазар, атәыла аекономика ӷәӷәахон. Убри азыҳәан Аԥсназы иҿыцу асубкультурақәа ааӡатәуп ҳәа иԥхьаӡоит ахада.
"Адгьыл акраҳҿанаҵоит. Иҟалаӡом адгьылқәа аужәра рхыҵәан иҟалар", - иҳәеит Бжьаниа ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иахь ихы нарханы.
Аԥсны ахада иара убас атранспорттә инфраструктура арҿиара аҵак ду шамоу атәы иҳәеит, уи ахырхарҭаҿы аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" хадара шауа наҵишьит. Иара ааԥхьара ҟаиҵеит ари апроект излауала зегьы адгыларц, избанзар уи атәыла аекономиказы акраҵанакуеит.
Бжьаниа иара убас еизаз иргәалаиршәеит атәылаҿы аусураҟамзаара азҵаара ҵарны ишықәгылоу, хырԥашьак амҭакәа ишыӡбатәу.
"Аус зымуа ауаҩы знапхы ҟьашьу, ҳтәыла цәгьарак абазаҳури ҳәа иԥшу ауаа рнапаҿы имарианы иааргоит. Убри азы досу уск-уск даҿызароуп", - ҳәа рылеиҳәеит Аслан Бжьаниа аилатәараҟны.
Аҳәынҭқарра ахада игәаанагарала, аусуратә ҭыԥқәа раԥҵара еиҳа аҵак ду амоуп аекономикатә ҭагылазаашьа баша аиӷьтәра мацара акәымкәа.
Поездка в Сухумский аэропорт  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2023
Аԥсны
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура иалагар анауа арыцхә рҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0