Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габлиа аибашьцәа рпортреҭқәа рцәыргақәҵазы: акопқәа рҿы иҭыхыз усумҭақәоуп

Габлиа аибашьцәа рпортреҭқәа рцәыргақәҵазы: акопқәа рҿы иҭыхыз усумҭақәоуп
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит,иусумҭақәа "Аибашьцәа рпортреҭқәа" риира шыҟалаз, иаатыз онлаин-цәыргақәҵа аиҿкаара зыбзоурахаз.
Асахьаҭыхҩы, аҵарауаҩ Рауф Барцыц ибзоурала еиҿкаахеит Руслан Габлиа ионлаин-цәыргақәҵа. Апортреҭқәа аибашьра анцоз, акопқәа рҿы, ҭынчрак аныҟалоз, абомбақәа анкамҳауаз иааинырсланы иҟаҵаз портреҭқәоуп иҳәеит Габлиа аиҿцәажәараҿы, аамҭа анрымаз срыҳәон 15-20 минуҭ шәаатәа ҳәа, иазгәаиҭеит иара.
"Аибашьра ашьҭахь арҭ аусумҭақәа ишахәҭаз еиԥш иӡырганы, Ешыра амузеи аҿы икнаҳан 10 шықәса инарзынаԥшуа, аха иԥхасҭахо иалагеит. Ақьаад ианыло асахьа есымша алашараҿы ианыҟало иҩеижьхоит иумбо аҟынӡа. Иԥхасҭахаз рацәоуп, аха еиқәҳархеит, акомпиутер аҿы исыман. Рауф Барцыц исыдигалеит ацәыргақәҵа аиҿкаара аус ахьиуа аинститут аҿы. Сара исыздырӡомызт аонлаин-цәыргақәҵа аиҿкаара шауазгьы. Ари адунеи зегьы ирбар рылшоит. Мышкы зны исҭахуп абарҭ апортреҭқәа зегьы шәҟәны рҭыжьра", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габлиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0