Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Рауль Лолуа аколлектив дыддырдырит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Лолуа
Рауль Лолуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2024
Анапаҵаҩра
ГӘДОУҬА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik, Бадри Есиава. Аслан Бжьаниа Гәдоуҭа араион ахадара аколлектив дыдирдырит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа ҿыц иаҭоу Рауль Лолуа.

Ари аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Баграт Боџьгәуа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Лолуа аколлектив дыдирдырит.

Лолуа Рауль Валери-иԥа диит жәабранмза 20, 1976 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь аҿы. 1993 шықәсазы далгеит Аҟәатәи абжьаратә школ №17.
2000 шықәсазы далгеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Аҟәатәи абжьаратәи амилициа ашкол ҷыда "азанааҭдырҩы, аоператив-ԥшааратә усура" азанааҭ ала. 2005 шықәсазы далгеит Москватәи асоциал-гуманитартә институт афилиал апсихологиа афакультет. 2013 шықәсазы "Аҳәынҭқарратәии амуниципалтәии анапхгараҭара" азанааҭ ала далгеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада иҟны иҟоу аҳәынҭқарратә маҵзуреи жәлар рынхамҩеи рзы Урыстәылатәи Академиа.
1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын, Леон иордени "Агәымшәаразы" амедали ианашьоуп. 1998 шықәасзы ирласу анырразы Иҷыдоу Аотриад (СОБР) аилазаараҿы Гал араион аҿы ақырҭуа диверсиатә гәыԥқәа рықәгара иазкыз аоперациа далахәын.
2001 шықәсазы ирласу анырразы Иҷыдоу Аотриад (СОБР) аилазаараҿы Е. Квициании Р. Гелаеви рнапхгарала бџьарла еибыҭаз агәыԥқәа Аԥсны агәы алаларазы рҽазышәарақәа рыԥхьырҟәҟәаара далахәын.
2008 шықәсазы Атеррористҿагыларатә центр напхгара аиҭон. Ари ацентр урыстәылатәи архәҭақәа ирыцны Қырҭтәыла аҭынчра мчыла азаагаразы аоперациа иалахәын. Хәажәкырамза 20, 2012 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура иҷыдоу азкызаара змоу Ацентр аиҳабыс дҟаҵан.
Жьҭаарамза 15, 2014 шықәса инаркны лаҵарамза 11, 2015 шықәса аҟынӡа – Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан.
2017 – 2022 шш. – Жәлар Реизара-Апарламент афбатәи ааԥхьара адепутатс дыҟан.
Ажәабжьқәа зегьы
0