Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны имҩаԥыргеит Ленинград аблокада ахыхра иазкыз аусмҩаԥгатә

© Foto / ГалМедиа В Гале состоялась церемония возложения цветов к памятнику ветеранов  Великой Отечественной Войны.
 В Гале состоялась церемония возложения цветов к памятнику ветеранов  Великой Отечественной Войны. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2024
Анапаҵаҩра
80 шықәса раԥхьа, ажьырныҳәа 27 1944 шықәсазы асовет еибашьцәа афашистцәа рҟынтәи Ленинград ахы иақәиҭыртәит, ақалақь аблокада ахыхын.
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Ленинград анемеццәа рҟынтәи аблокада ахыхра 80 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Гал акультура ахан аҟны асабша, ажьырныҳәа 27 рзы.
Ашьыжь, ажьырныҳәа 27 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҟны иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара мҩаԥысит.
Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Даур Ақаҩба иажәақәа рыла, раԥхьаӡа акәны араион аҟны имҩаԥысит аибашьра Ду иазкны аусмҩаԥгатә.
Агәаларшәагатә уснагӡатә иалахәын араион ахадара, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи Россотрудничествеи рхаҭарнакцәа, ауаажәларра.
Церемония возложения венка к монументу Мать-Родина в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2024
Урыстәыла
Путин Ленинград аблокада уаҩы иимбац гәымбылџьбароуп ҳәа ахиҳәааит
Ажәабжьқәа зегьы
0