Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа-аурыс ҳәааҟны ирымхуп амаининг-хархәагақәа злеиқәдыршәо

© Foto / ГТК АбхазииМайнинг оборудование
Майнинг оборудование  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны аенергосистема ахьуашәшәыроу иахҟьаны акриптавалиута арҳара азин ыҟам.
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Аԥснытәи аҳазалхыҩцәа аԥсуа-аурыс ҳәааҟны дааныркылеит амаининг-хархәагақәа злеиқәдыршәо ииазгоз ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә маҵзура апресс-маҵзура.
Ареспубликахь аҭагалара ззин ыҟам аиқәыршәагақәа автомашьына ВАЗ-2107 ала аиагара иҿазишәеит Аԥсны атәылауҩ.
Иара имхуп 26 хешплат, аметалл иалху ахәарҭақәа фба, алашара ацызҵо аблокқәа хәба.
Аматериалқәа нашьҭуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазалхратә еилакы аҳазалхратә ҭҵаарақәа рыҟәшахьы.
Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптоԥара арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин ааннакылеит 2020 шықәсазы. Уи ашьҭахь акырынтә аҿҳәара инахахьан. Уажәы 2024 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа аҿҳәара шьақәыргылоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0