Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны АдәАР: "аоккупациа зызуу аҵакыра" ҳәа ҳзыԥхьаӡо рзы ҳашәқәа аркуп

© Sputnik / Томас Тхайцук МИД Абхазии
МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2024
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 26 рзы Аахыҵ Кавказ ЕЕ ахаҭарнак ҷыдас иҟоу Тоиво Клаар аҳәамҭа ҟаиҵеит 2024 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны аҭаара шилымшо "аҭыԥқәа рҿы ипартниорцәа" уи ҟалашьа амам ҳәа ахьиарҳәаз аҟнытә.
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. "Аоккупациа зызуу аҵакыра" ҳәа ҳзыԥхьаӡо рзы ҳашәқәа аркуп ҳәа аҳәоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Милана Ҵәыџьԥҳа иҟалҵаз ахҳәаа.
Ҵәыџьԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит Клаар иаартны ишиҳәаз аколлективтә Мраҭашәара Аԥсны аҵакыраҿы ақырҭуа политика "зхаҵарада алахалара" шымҩаԥнаго, ари аус ишадыԥхьалоу мраҭашәаратәии аԥснытәии еиҳабыратәым аиҿкаарақәа.
"Апатын Клаар еиликаауазар ахәҭоуп "Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара" аполитика алазырҵәо аструктурақәа аԥара шырзоурыжьуа иаартны ианиҳәо, Аԥсны аҵакыраҿ урҭ закәаншьаҭала аҭак шроуа. Европатәи, америкатәи, қырҭтәылатәи афункционерцәа ирдырроуп "аоккупациа зызуу аҵакыра" ҳәа ҳзыԥхьаӡо рзы ҳашәқәа шарку", - ҳәа лҳәеит Ҵәыџьԥҳа.
Ҵәыџьԥҳа иазгәалҭеит мраҭашәаратәи аструктурақәа рнырра аԥкра Аԥсны апроблемақәа арҵаулоит ҳәа ҳәо, Клаар иҽшазишәо хра змам Қырҭтәыла акзаара аполитика иақәдырӡуа аԥара ириашарц.
"Ҳара иҳагәҭакуп Жәларбжьаратәи Женеватәи аиԥыларақәа рофициалтә еиҿцәажәарҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны аус ҳауларц, ҳақәгәыӷуеит алҵшәақәа ҟалап ҳәа Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет апринципқәеи еиҟароу адиалоги инарықәыршәаны", - ҳәа лҳәеит Ҵәыџьԥҳа.
Ажьырныҳәа 26 рзы Аахыҵ Кавказ ЕЕ ахаҭарнак ҷыдас иҟоу Тоиво Клаар аҳәамҭа ҟаиҵеит 2024 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны аҭаара шилымшо азы. Иара иазгәеиҭеит ареспублика "Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаԥнаго аибашьра" ӡатәк аҳасаб аҟамлар шакәу, уи Аԥсны ауааԥсыра ринтересқәа ишрықәымшәо, иҟоу апроблемақәа еиҳагьы ишаруадаҩуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0