Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Цәеиԥҳа: срықәшаҳаҭӡам аԥсуа бызшәа аҵара даара иуадаҩуп зҳәо

Цәеиԥҳа: срықәшаҳаҭӡам аԥсуа бызшәа аҵара даара иуадаҩуп зҳәо
Анапаҵаҩра
Абызшәатә политиказы Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭа имҩаԥнагоз ахатәы бызшәа арҵаразы акурсқәа актәи рыхәҭа хыркәшоуп. Раԥхьатәи аҵаҩцәа рылҵшәқәа, аусура аметодика, анаҩстәи агәҭакқәа ртәы дрылацәажәеит абызшәатә курсқәа рырҵаҩы Лиубовь Цәеиԥҳа.
Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аусбарҭаҟны аԥсшәа аҵаразы акурсқәа хацыркын рашәарамза 26 рзы. Апроект напхгара алҭон, арҵагатә материал еиқәзыршәаз Диана Шамԥҳа, лҳәеит лцәажәараҟны акурсқәа мҩаԥызгоз арҵаҩы. Акурсқәа ҩ-гәыԥкны ишьақәгылан.
"Ҳара ҳарҵагатә материал шьақәгылан аԥсуа бызшәа арҵаразы аелементартә ҩаӡарала. Актәи агәыԥ аҟны ԥшьымз аус ҳуан. Актәи агәыԥ аус шауаз аҩбатәигьы ааҳартит нанҳәамза 21 азы. Ашықәс анҵәамҭазы аҩ-гәыԥк русура хҳаркәшеит. Аԥхьатәи агәыԥ аҟны раԥхьа 18- ҩык ыҟан, аҩбатәи аҿы 10-ҩык рҟынӡа. Урҭ зегьы Аԥсны инхо ракәӡамызт, иҟан ара иааны зыԥсы зшьозгьы. Уажәтәиала асертификатқәа роуит 12-ҩык азыӡырҩцәа. Иҟоуп азыӡырҩцәа рыбжьара ҽеишәа ишазыҟаҵам азгәаҭаны, даҽа етапк иахысны, иҵегьы рҽазыҟаҵаны, аԥышәара аҭара зҭаххаз", - лҳәеит Цәеиԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аԥсуа бызшәа аҵара даар иуадаҩуп ҳәа зҳәо дышрықәшаҳаҭым, иахьа иҟоу аметодикақәа рыла уи шалыршахо, агәазыҳәара ауп ихадароу ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0