Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥша ӷәӷәа иасыз Аԥсны араионқәа ааха рнаҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛиквидация последствий непогоды в парке имени Ефрема Эшба
Ликвидация последствий непогоды в парке имени Ефрема Эшба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Жәабран 5-6 руха аԥша ӷәӷәа иасыз Аԥсны араионқәа ааха рнаҭеит, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит аҭыԥантәи ахадарақәа.
Аҟәа аԥша аҵлакқәа ыҵнажәеит Синоп аҳабла, ААУ азааигәара, Ефрем Ешба ихьӡ зху апарки рыҟны.
Икаҳаз аҵлақәа ааха рырҭеит афымцацәаҳәақәеи атроллеибустә цәаҳәақәеи, уаҟа аус руеит ақалақь акоммуналтә усбарҭақәеи Аԥсны АҶА-и русзуҩцәа.
Очамчыра ақалақь аҟны ауадарацәа змоу аҩнеихагылак ахыб ахнашәеит, аҵлақәа ыҵнажәеит, уи иахҟьаны қыҭақәак рыҟны афымцацәаҳәақәа ааха роуит.
Тҟәарчал араион аҿы аԥша аҵлақәа канажьит. Шьыжьнаҵы урҭ ықәыргеит, ақалақь аҿы аныҟәара аанкылам. Афымцацәаҳәақәа ахьԥыҵәҵәаз реиҭашьақәыргылара иаҿуп. Аҟармара иахьаҵанакуа авольтҳаракцәаҳәа каҳаит. Уи аҭыԥ ақәҵаразы амш иалагӡаны "Амшынеиқәафымцамч" аҟынтәи аҟазауаа ирзыԥшуп.
Гал араион аҿы уадаҩрада еилгеит - хәбаҟа ҵла каҳаит, ақалақь аҿы аныҟәара ԥкым.
Гәдоуҭа араион аҿы Лыхныҟа узлацо амҩаҿ аҵлақәа каҳаит. Жәандәрыԥшь ақыҭаҿы ацҳақәа хԥа хнагеит, ақыҭа анапхгара хара имгакәа уи аҭыԥ иқәырҵоит. Уи адагьы афымцацәаҳәақәа ахьԥыҵәҵәаз азы ақыҭауаа лашарада иҟоуп. Алашара ыҟам ақыҭақәа Хәаԥ, Џьырхәа, Лыхны.
Афымцацәаҳәақәа ироуз аԥхасҭа иахҟьаны Гәылрыԥшь араион ахәҭак лашарада иҟоуп. Иара убас, аԥхасҭақәа ҟалеит Дранда, Бабышьра, Агәыӡера аҳаблан. Аҩнқәа рхыбқәа ԥырхага рымам, ӡхыҵра ҟамлеит. Иҟоу ахҟьаԥҟьақәа рҭыԥ иқәырҵоит.
Афымцвцәаҳәақәа ахьԥҵәаз иахҟьаны гагра ахәҭак лашарада иаанхеит. Аҭыԥаҟны аус руеит ақалакь аусбарҭақәеи аенергетикцәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0