Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Дырмит Гәлиа ииубилеи аиҿкааразы иаԥҵоу аҳәынҭкомиссиа аилатәара мҩаԥысит Аҟәа

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииЗаседание госкомиссии по мероприятиям к 150-летию Д. Гулиа
Заседание госкомиссии по мероприятиям к 150-летию Д. Гулиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2024
Анапаҵаҩра
Жәабран 15 рзы имҩаԥысит Д.И. Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵреи агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵреи ирызку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара знапы иану аҳәынҭқарратә комиссиа аҩбатәи аилатәара.
АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Аҳәынҭқарратә премиазы аԥаратә ҳамҭа 200 нызқь мааҭ рҟынӡа ишьҭырхыр ҟалоит. Абри азы ажәалагала лассы аҳәынҭқарра ахада иахь инарышьҭуеит Д.И. Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵреи агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵреи ирызку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара знапы иану аҳәынҭқарратә комиссиа.
Уи адагьы:
ишьақәырӷәӷәоуп Аҟәа ақалақь аҿы аусмҩаԥгатәқәа руснагӡа;
2024 шықәса рзы иҭыҵуеит: "Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа", "Аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа рҟынтә", "Аԥсны аҭоурых. Аетнографиа", "Дырмит Гәлиа ибызшәа ажәар";
АИХқәа русзуҩцәа рыбжьара аицлабра "Сара саԥсыуоуп, Аԥсуа жәлар рԥа соуп сара!" мҩаԥгахар ауеит;
Гәлиа идҳәалоу атуристтә хырхарҭа мҩа аԥырҵоит;
2024 шықәсазы Аӡҩыбжьеи Тамшьи ишьақәдыргылаша Гәлиа иреиӷьу ибиуст азы аицлабреи "Д.И. Гәлиа иажәеинраала иалху иреиӷьу ашәа" азы аицлабреи мҩаԥыргоит;
атәыла ахада идыргалоит 2024 шықәса Дырмит Гәлиа ишықәсны ирылеиҳәарц, "Аԥсны еицырдыруа ауаа" асериала агәаларшәагатә ԥараҿырпы ҭыжьзарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0