Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: аҳәаанырцәтәи агентцәа рзы азакәани Гәлиа ишықәси

© Sputnik / Бадрак АвидзбаВечер памяти Дмитрия Гулиа прошел в Сухуме
Вечер памяти Дмитрия Гулиа прошел в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жәабран 19-25 рзы ареспубликаҿы аҭыԥ змаз актуалтә хҭысқәа рыхҳәаа.

Аҳаирбаӷәаза аргылара

Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы ахыбра ақәгара иалагоит. Аргыларатә техникеи аусуҩцәеи хара имгакәа ареспубликахь иаараны иҟоуп ҳәа атәыла ахада Аслан Бжьаниа иеиҳәеит аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба.
Бжьаниа уи инапы ианиҵеит аргыларатә усурақәа реихшанҵа-ауснагӡа азирхиарц.

Аҭоурых аиҭашьақәыргылара

Шьала-дала иаԥсуоу (абазақәа) аурыс-кавказтәи, аурыс-аҭырқәа еибашьрақәа рышьҭахь, иара убасгьы егьырҭ XIX ашәышықәсазтәи ахҭысқәа ирхырҟьаны зыдгьыл ааныжьны иахыҵыз раԥсуа жәлақәа еиҭашьақәдыргылар рылшоит. Абри атәы аанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура.
Азакәанԥҵара ариашарақәа ирыхәаԥшраны иҟоуп Апарламент иааиуа аилатәараҿы.

Аиноагентцәа рзы азакәан

Аиноагентцәа рзы азакәан апроект иалацәажәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дызлахәыз Ауаажәларратә палата алахәылацәа.
Аилатәара алахәылацәа ргәаанагара еибырҳәеит азакәан апроект азы. Апалата алахәылацәа азакәан ахықәкқәа, Аԥсны Аконституциа анормақәа иахьынӡарықәшәо ртәы иазҵааит. Азҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аиустициа аминистр Анри Барцыц, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арынба, Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба.
Аҳәатәи аҳәашьеи: аҳәаанырцә агентцәа ирызку азакәан апроект - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2024
Арадио
Аҳәатәи аҳәашьеи: аҳәаанырцәтәи агентцәа ирызку азакәан апроект

Гәлиа ишықәс

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа 2024-тәи ашықәс Дырмит Гәлиа ишықәс ҳәа ақәҵара инапы аҵеиҩит.

"2024-тәи ашықәс Дырмит Гәлиа ишықәс ҳәа ақәҵара анапаҵаҩра – иналукааша аусзуҩ иҭынха аҳаҭырбара, аԥсуа литературеи акультуреи ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзеиқәырхара иазырхоуп",- ҳәа азгәанаҭоит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсуа литература ауасхыр азышьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа иира амш, жәабран 21 азы, дыргәаладыршәеит Аҟәа.

Ацәгьоурақәеи атуристцәеи

Аԥсны атуристцәа рганахь ала ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара есышықәса иагхоит, 2023-шықәсазы ашәҟәы иҭагалаз 50 цәгьоура роуп ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура..
Лаҵара 1 инаркны цәыббра 30 рҟынӡа аминистрра аилазаара ирӷәӷәоу аусуратә режим ахь ииагоуп. Аусуҩцәа уахи-ҽни хылаԥшра рырҭоит ауаажәларратә ҭыԥқәа, аԥсшьаратә зонақәа, атуристцәа рынхарҭақәа, атранспорт.

Амҩатә ԥҟарақәа реилагара

1479-ҩык амҩатә ԥҟарақәа еилазгаз аарԥшуп Аԥсны мчыбжьык аҩнуҵҟа. 47-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа административтә ҭакԥхықәра рыдҵоуп арыжәтә ыжәны ма анаркотикқәа рыдкыланы аԥсҟы ахьыркыз азы.

Амилаҭтә галереиа аиҭашьақәыргылара

Аргылаҩцәа амчыбжь иалагӡаны Амилаҭтә галереиа ахыбра аҩбатәи аихагыла дрыцқьеит. Ҳазҭалаз амчыбжь азы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагоит.
Ашықәс нҵәаанӡа агалереиа аусуҩцәа рҭыԥқәеи амца иацәынхаз асахьақәа рыҵәахырҭеи ашьақәыргылара иалгоит.
Сақаниа амилаҭтә галереиаҿы иҵәахыз аусумҭақәа еидызкыло акаталог аҭыжьра иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2024
Арадио
Сақаниа амилаҭтә галереиаҿы иҵәахыз аусумҭақәа еидызкыло акаталог аҭыжьра иазкны

Абџьар аекспозициа

Аԥснытәи абџьарҟаҵаҩцәа Аҟәатәи абааҿы рхатәы експозициа цәырыргоит. Арахь иаагахоит ҳаамҭазтәи аусумҭақәа реиԥш ажәытә бџьар аҿырԥшқәагьы.

"Аԥсуа культура абиԥарала еимырдон. Ҳара иаҳуалԥшьоуп ҳкультура аиҵахаҳара, амырӡра. Ҳажәлар рзы ирыцҳара духеит Аџьынџьтәылатә еибашьраан хыԥхьаӡара рацәала артефактқәа рыӡра. Убри азы акраҵанакуаны иҟоуп арҭ амаҭәарқәа реиқәырхара, рыӡбахә аиҭаҳәара, рхархәашьа дырбара", - ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика Ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рауль Кобахьиа.

Аусурақәа мҩаԥысуеит Аидгыла ахатә харџьқәа рыла.

Аԥхьаҟатәи ахәмаррақәа

Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба зхадараҿы дыҟоу аделегациа Казань иҟоуп. Аԥснытәи аспортсменцәа БРИКС ахәмаррақәа ирылахәхоит ареспублика ахьӡала ҳбираҟ иаҵагыланы.
Иара убасгьы аусеицураз амеморандум рнапы аҵарыҩуеит Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи Урыстәыла аспорт азы аминистр ихаҭыԥуаҩ Халил Шаихутдиновы.
Абхазский флаг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2023
Аԥсны
Аԥсуа спортсменцәа БРИКС ахәмаррақәа ирылахәхоит ареспублика абираҟ иаҵагыланы

Аҿар рфестиваль

Аԥсны раԥхьаӡа акәны Сириус аҿы имҩаԥысраны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль иалахәхоит.
Ареспублика ахьӡала уахь инеиуеит шәҩык аҿар ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оглы.
"Еиҿкаахоит еиуеиԥшым апрограммақәа, арҵаратә сегмент: асоциологиа, аполитика ирыдҳәалоу. Ҳҿар ироуеит алшара ишахәҭоу ахаарԥшразы", - иҳәеит иара.
Кара-Осман-оглы иажәақәа рыла, афорум ашьҭахь Аԥснытәи аҿар ироуеит алшара урыстәылатәи ақалақьқәа ирҭаарц апрограмма "Регионы России" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Госдума приняла закон о федеральной территории Сириус - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2024
Аԥсны
Аԥсны аҿар Сириус имҩаԥгахо Адунеизегьтәи афестиваль иалахәхоит

Амимоза аекспорт

Жәабран 21 рзтәи адыррақәа рыла Аԥсны иалыргахьеит 33 тонна амимоза.
2023 шықәса абри аамҭазы 30 тонна алган, зынӡа – 270 тонна ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҵиаақәа ркарантин аиҳабы и.н. Омар Ҵәыџьба.

Акультура ацхыраара

Аахыҵ Уаԥстәыла акультура аминистрра Аԥсны амилаҭтә галереиа аԥхьаӡамҭа иахырыԥхьаӡалеит 145 нызқь мааҭ.
Аминистр и.н Динара Смырԥҳа ҭабуп ҳәа лалҳәеит уаԥстәылатәи лколлега Рада Дзагоева.

"Аҽгәараз" аус аиҭагәаҭарахь инашьҭуп

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезидиум иаԥнахит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәҵареи Ахашшааратә коллегиа аҳәаақәҵареи – АЦә "Аҽгәара" аиҭашьақәыргылараз аматериалқәа раахәараан иҟалар зылшоз аԥареимҵәаразы адырра агәаҭараан Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа иумҭақәа закәаным ҳәеит апрокурор хада Адгәыр Агрба ари аус иҽацәхьакреи аҭыԥ рыман ҳәа Адгәыр Арӡынба ишшыԥхьыӡ аганахь ала.
"Аҽгәараз" аус аиҭагәаҭарахь инашьҭуп. 2023 шықәса рашәара 23 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа иазханаҵеит ВЦә "Аҽгәара" аиҭашьақәыргылараз аматериалқәа раахәараан иҟалар зылшоз аԥареимҵәаразы адырра агәаҭараан апрокурор хада Адгәыр Агрба ари аус иҽацәхькра закәанмызт ҳәа. Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ иганахь ала ашшыԥхьыӡ хәшьара арымҭеит.
Ахашшааратә коллегиа 2023 шықәса рашәара 29 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәҵара шыҟаз иааннажьит.
Ажәабжьқәа зегьы
0