Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны АИХ-қәа русзуҩцәа ирыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Президент Абхазии Аслан Бжания принял участие в торжественном приеме по случаю Дня России в Посольстве.
Президент Абхазии Аслан Бжания принял участие  в торжественном приеме по случаю Дня России в Посольстве.   - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2024
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи аԥсуа милаҭтә газеҭ "Аԥсны" актәи аномер ҭыҵит 105 шықәса раԥхьа – 1919 шықәса жәабран 27 рзы, Дырмит Гәлиа инапхгарала. 2001 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иқәҵарала ари амш Аԥсны АИХ-қәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәамшны ишьақәырӷәӷәоуп.
АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны АИХ-қәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәамш рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит ажурналистцәа рџьабааз, иаадырԥшуа аобиективраз, рзанааҭҩаӡараз, ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, арҿиаратә еихьӡарақәа, иҵыхәаԥҵәарадоу агәацԥыҳәара.
"Еснагь ихьыԥшым ҳҳәынҭқарра аргылара аԥхьатәи ацәаҳәаҿы игылоу аԥсуа журналистика ароль ахә ашьара уадаҩӡоуп. Шәара ҳтәылаҿы еиԥш адунеи зегьы аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа шәрылацәажәоит, актуалра злоу ауаажәларра-политикатә, асоциал-економикатә, арҿиаратә проектқәа алашәырҵәоит. Ауаажәларра аинформациа роуртә иҟашәҵоит, ргәаанагара ашьақәыргылара шәацхраауеит, аполитикатәи ауаажәларратәи процессқәа анырра рышәҭоит ", – аҳәоит адныҳәалараҟны.
Раԥхьатәи аԥсуа милаҭтә газеҭ "Аԥсны" актәи аномер ҭыҵит 105 шықәса раԥхьа – 1919 шықәса жәабран 27 рзы, Дырмит Гәлиа инапхгарала. 2001 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иқәҵарала ари амш Аԥсны АИХ-қәа рзанааҭтә ныҳәамшны ишьақәырӷәӷәоуп.
Газета Апсны. Агазеҭ Аԥсны - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2024
Аԥсны
Раԥхьаӡатәи апериодикатә кьыԥхь: агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵит
Ажәабжьқәа зегьы
0