https://sputnik-abkhazia.info/20240227/rakhaati-aperiodikat-kykh-agaze-asny-105-shysa-akhyit-1050274942.html
Раԥхьаӡатәи апериодикатә кьыԥхь: агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵит
Раԥхьаӡатәи апериодикатә кьыԥхь: агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵит
Sputnik Аҧсны
Аԥсышәала раԥхьаӡа акәны - агазеҭ "Аԥсны" аҭыҵра иалагеит 105 шықәса раԥхьа, 1919 шықәса жәабран 27 рзы. Ари арыцхә иахьа Аԥсны амассатә информациа... 27.02.2024, Sputnik Аҧсны
2024-02-27T08:55+0300
2024-02-27T08:55+0300
2024-02-27T09:10+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/1a/1050275089_115:0:1166:591_1920x0_80_0_0_3989198a2031213be3b54044df99e468.jpg
"Аԥсны" – атәыла ауаажәларратә, аекономикатә, аполитикатә хҭысқәа аазырԥшуа уаажәларра-политикатә газеҭуп. Агазеҭ аҭыжьра аҭоурых Sputnik аматериал аҿы. Sputnik "Аԥсны" аԥсҭазааратә мҩа Аԥсышәала агазеҭ аҭыҵра иалагеит амилаҭ литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа ибзоураны. Иара иоуп агазеҭ раԥхьатәи аредакторгьы. Агазеҭ "Аԥсны" ҩышықәса иҭыҵуан. Абри аамҭала иҭыжьын 85 номер. 1921 шықәсазы Аԥсны асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь "Аԥсны ҟапшь" ҳәа ахьӡ еиҭакхеит. 1991 шықәсазы иазыргьежьхеит раԥхьатәи ахьӡ. Агазеҭ аҭыжьра аԥсуа сахьаркыратә литература ацәырҵра иауасхырхеит. "Аԥсны адоуҳатә культура аиқәырхареи арҿиареи рзы Дырмит Гәлиа раԥхьатәи ишьаҿақәа иреиуоуп апериодикатә кьыԥхь аԥҵара. Гәлиа иҭижьит раԥхьатәи ашәҟәгьы, аха алитература аҿиара иадԥхьалатәын ауаа ҿыцқәа. Ҳәарада, авторцәа рзы рҩымҭақәа ахьыркьыԥхьша агазеҭ хымԥадатәин", - ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз "Аԥсны" аредактор хада Ахра Анқәаб. 1919 шықәсазы агазеҭ адаҟьақәа рҿы ицәырҵит Дырмит Гәлиа ииҩыз раԥхьатәи аԥсуа ажәабжь "Атәым жәҩан аҵаҟа". Раԥхьатәи аԥсуа драматә ҩымҭа –Самсон Ҷанба иҩымҭа "Амҳаџьырқәагьы" кьыԥхьын "Аԥсны" адаҟьаҿы. Агазеҭ аҿы иркьыԥхьуан ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, аочеркқәа, Ӡаӡ Дарсалиеи Иуа Коӷониеи рҩызцәеи дареи рырҿиамҭақәа. Дырмит Гәлиа ирккаратә усура ахырхарҭа рацәа аман. Агазеҭ аҿы иркьыԥхьуан алитература еиԥш ақыҭанхамҩа иазкыз аҩымҭақәа, СССР аҭоурых. Лассы-лассы иркьыԥхьуан аҳасабырбақәа, иаҳҳәап, аҭаҭын аарыхразы: Архивтә статиақәа инарықәыршәаны 1932 шықәса хәажәкыра 5 рзы Гагра араион аҿы еизган 716 тонна аҭаҭын, Гал араион аҿы – 125, Аҟәа араион аҿы – 228, Гәдоуҭа араион аҿы – 664, Кәыдрытәи араион аҿы – 952 тонна. Раԥхьатәи аԥсуа газеҭ аҭыҵра иалагеит атәылаҟны иуадаҩыз аҭоурыхтә аамҭазы – аменшевикцәа Аԥсны иахаԥаны ианыҟаз (1918-1921шш.). агазеҭ аҿы ирылацәажәон Аԥсны астатус иадҳәалоу апроблемақәа, аҵареи акультуреи рҭагылазаашьа. Аҭыжьымҭа ахықәкыАгазеҭ аҵак ду ааннакылеит аҩыратә культура аҿиаразы, ҷыдала аԥсуа журналистикеи асахьаркыратә литературеи рзы. Аҭыжьымҭа аредактор хада Ахра Анқәаб агазеҭ аҭоурыхтә ҵакы далацәажәо, иҳәеит аԥсуа жәлар ыҟанаҵ уи хашҭшьа шақәым. Иахьа аинформациа альтернативтә хыҵхырҭақәа шырацәоугьы, агазеҭ "Аԥсны" аусура шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит. Аредакциа аусура рҿыцуп. Акьыԥхь инаваргылан аус ауеит електронтә версиа. Убри аан игханы иҟоуп агазеҭ аԥшшәы змоу ҭыжьымҭаны иахьыҟам ҳәа иҳәоит Анқәаб. Иара иажәақәа рыла, аԥсышәала иҭыҵуа аҳәынҭқарратә газеҭ заҵәы ахаҿрагьы ԥшӡазароуп. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан агазеҭ аномерқәа жәпакы ыӡит. Иахьазы Аҳәынҭархив аҿы иҟоу 1929 -1944 шш. рзтәи аномерқәа роуп, Амилаҭтә библиотекаҿы - 1932 -2019 шш. рзтәиқәа. 2006 шықәсазы иҭыҵит 1919 – 1921 шықәсқәа рыҩнуҵҟа иҭыҵыз агазеҭ 85 номер рҟынтәи 81 номер еизганы изгәылалаз ашәҟәы "Аԥсны". Атекстқәа жәпакы аԥхьаҩцәа ирыдгалан раԥхьаӡа акәны.Иахьа "Аԥсны" мчыбжьык ахь знык иҭыҵуеит. Ашықәстәи анапаҵаҩра 1500 мааҭ иаԥсоуп. Аредактор хада агәыӷра ааирԥшуеит анапаҵаҩцәа рхыԥхьаӡара иазҳап ҳәа. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы 600–ҩык рҟынтәи (2023 ш.) 900-ҩык рҟынӡа ( 2024 ш.) иазҳаит.
https://sputnik-abkhazia.info/20240221/aseiyrkha-asykhy-arsaiia-dyrmit-glia-diizhei-150-shysa-ikhyrazy-lytsazhara-1050220825.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230617/azlatsazhasha-amoup-anab-agaze-asny-aeish-iazkny--1046371309.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/1a/1050275089_246:0:1034:591_1920x0_80_0_0_f95322889acebdd0b312dca69f311a71.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Раԥхьаӡатәи апериодикатә кьыԥхь: агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵит
08:55 27.02.2024 (ирҿыцуп: 09:10 27.02.2024) Аԥсышәала раԥхьаӡа акәны - агазеҭ "Аԥсны" аҭыҵра иалагеит 105 шықәса раԥхьа, 1919 шықәса жәабран 27 рзы. Ари арыцхә иахьа Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа рымш ҳәа иазгәарҭоит.
"Аԥсны" – атәыла ауаажәларратә, аекономикатә, аполитикатә хҭысқәа аазырԥшуа уаажәларра-политикатә газеҭуп.
Агазеҭ аҭыжьра аҭоурых Sputnik аматериал аҿы.
Аԥсышәала агазеҭ аҭыҵра иалагеит амилаҭ литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа ибзоураны. Иара иоуп агазеҭ раԥхьатәи аредакторгьы.
"Аԥсны" ркьыԥхьуан Aндреи Ҷоҷуа 1909 шықәсазы иаԥиҵаз, Санкт-Петербургтәи Академиа алахәыла-акорреспондент Пиотр Услар аус здиулаз алфавит ала.
Агазеҭ "Аԥсны" ҩышықәса иҭыҵуан. Абри аамҭала иҭыжьын 85 номер. 1921 шықәсазы Аԥсны асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь "Аԥсны ҟапшь" ҳәа ахьӡ еиҭакхеит. 1991 шықәсазы иазыргьежьхеит раԥхьатәи ахьӡ.
Агазеҭ аҭыжьра аԥсуа сахьаркыратә литература ацәырҵра иауасхырхеит.
"Аԥсны адоуҳатә культура аиқәырхареи арҿиареи рзы Дырмит Гәлиа раԥхьатәи ишьаҿақәа иреиуоуп апериодикатә кьыԥхь аԥҵара. Гәлиа иҭижьит раԥхьатәи ашәҟәгьы, аха алитература аҿиара иадԥхьалатәын ауаа ҿыцқәа. Ҳәарада, авторцәа рзы рҩымҭақәа ахьыркьыԥхьша агазеҭ хымԥадатәин", - ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз "Аԥсны" аредактор хада Ахра Анқәаб.
1919 шықәсазы агазеҭ адаҟьақәа рҿы ицәырҵит Дырмит Гәлиа ииҩыз раԥхьатәи аԥсуа ажәабжь "Атәым жәҩан аҵаҟа". Раԥхьатәи аԥсуа драматә ҩымҭа –Самсон Ҷанба иҩымҭа "Амҳаџьырқәагьы" кьыԥхьын "Аԥсны" адаҟьаҿы. Агазеҭ аҿы иркьыԥхьуан ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, аочеркқәа, Ӡаӡ Дарсалиеи Иуа Коӷониеи рҩызцәеи дареи рырҿиамҭақәа.
Дырмит Гәлиа ирккаратә усура ахырхарҭа рацәа аман. Агазеҭ аҿы иркьыԥхьуан алитература еиԥш ақыҭанхамҩа иазкыз аҩымҭақәа, СССР аҭоурых. Лассы-лассы иркьыԥхьуан аҳасабырбақәа, иаҳҳәап, аҭаҭын аарыхразы: Архивтә статиақәа инарықәыршәаны 1932 шықәса хәажәкыра 5 рзы Гагра араион аҿы еизган 716 тонна аҭаҭын, Гал араион аҿы – 125, Аҟәа араион аҿы – 228, Гәдоуҭа араион аҿы – 664, Кәыдрытәи араион аҿы – 952 тонна.
Раԥхьатәи аԥсуа газеҭ аҭыҵра иалагеит атәылаҟны иуадаҩыз аҭоурыхтә аамҭазы – аменшевикцәа Аԥсны иахаԥаны ианыҟаз (1918-1921шш.). агазеҭ аҿы ирылацәажәон Аԥсны астатус иадҳәалоу апроблемақәа, аҵареи акультуреи рҭагылазаашьа.
Агазеҭ аҵак ду ааннакылеит аҩыратә культура аҿиаразы, ҷыдала аԥсуа журналистикеи асахьаркыратә литературеи рзы. Аҭыжьымҭа аредактор хада Ахра Анқәаб агазеҭ аҭоурыхтә ҵакы далацәажәо, иҳәеит аԥсуа жәлар ыҟанаҵ уи хашҭшьа шақәым.
Иахьа аинформациа альтернативтә хыҵхырҭақәа шырацәоугьы, агазеҭ "Аԥсны" аусура шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит. Аредакциа аусура рҿыцуп. Акьыԥхь инаваргылан аус ауеит електронтә версиа. Убри аан игханы иҟоуп агазеҭ аԥшшәы змоу ҭыжьымҭаны иахьыҟам ҳәа иҳәоит Анқәаб. Иара иажәақәа рыла, аԥсышәала иҭыҵуа аҳәынҭқарратә газеҭ заҵәы ахаҿрагьы ԥшӡазароуп.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан агазеҭ аномерқәа жәпакы ыӡит. Иахьазы Аҳәынҭархив аҿы иҟоу 1929 -1944 шш. рзтәи аномерқәа роуп, Амилаҭтә библиотекаҿы - 1932 -2019 шш. рзтәиқәа.
2006 шықәсазы иҭыҵит 1919 – 1921 шықәсқәа рыҩнуҵҟа иҭыҵыз агазеҭ 85 номер рҟынтәи 81 номер еизганы изгәылалаз ашәҟәы "Аԥсны". Атекстқәа жәпакы аԥхьаҩцәа ирыдгалан раԥхьаӡа акәны.
Иахьа "Аԥсны" мчыбжьык ахь знык иҭыҵуеит. Ашықәстәи анапаҵаҩра 1500 мааҭ иаԥсоуп. Аредактор хада агәыӷра ааирԥшуеит анапаҵаҩцәа рхыԥхьаӡара иазҳап ҳәа. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы 600–ҩык рҟынтәи (2023 ш.) 900-ҩык рҟынӡа ( 2024 ш.) иазҳаит.