Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахчныза ықәҵаны изԥыло асас: ааԥынра зцу ажәҵыс иазкны

© Sputnik / Александр ВильфПтенцы ласточки в Московской области
Птенцы ласточки в Московской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2024
Анапаҵаҩра
Ажәҵыс ааԥын ааира ишазҳәоуи уи иахҳәаау жәлар разгәаҭарақәеи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
"Асас дахь"
Акыраамҭа заара иазыԥшу, изеигәырӷьо ауаҩы "асас дахь" ҳәа изырҳәоит. Убас сас дахьк иаареиԥш ааԥынра аԥхаррақәа аныҟало ажәҵарақәа раара иазыԥшуп. Ажәҵарақәа рыҭрақәа дырбгаӡом, иҵасым ҳәа иршьоит. Ажәҵыс аҭра ахьыҟанаҵаз аҩны аҿиара, аманшәалара азаанагоит рҳәоит. Аҳәаза ахьамоу ажәҵарақәа рыҭрақәа ҟарҵаӡом, убриаҟнытә анхаҩы ибарҵаҟны ажәҵарақәа рыҭра аҟаҵара ишаҟәыҵыз ибазар, ааигәа аҳәаза ыҟоуп ҳәа агәҩара изцәырҵуеит.
Аетнограф Григори Чурсин иматериалқәа рҟны иҩуеит ааԥынразы, раԥхьатәи ажәҵарақәа анаауа, аҩны аԥшәма асқам ахчы (ахчныза) ықәҵаны иргылоит ҳәа, сас дахьк иааира иазыԥшушәа.
Стая береговых ласточек возле своих гнезд на берегу водохранилища Новосибирской ГЭС. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2020
Ажәҵыс ахьнеиуа амшра иатәуп: аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ирыхҳәаау жәлар разгәаҭарақәа
Ажәҵыс аҵыхәа збыжькаҵәаз
Иҟалап ажәҵыс ауаҩы пату зақәиҵо, уи иара дахьахьчахьоу азы акәзар. "Амаҭи, ажәҵыси, абжи" ҳәа хыс измоу алегенда ишаҳәо ала, аӡхыҵра ду аныҟалаз, Ныҳә ԥааимбар иӷбала еиқәирхарц ииҭахыз иманы дышцоз, аӷба аӡы ҭало иалагеит. Усҟан амаҭ, сара исшәаҳауеит акылҵәара, реиҳа исгәаԥхо ала схы ныҟәызгалартә сҟалозар аҳәеит. Ныҳә уи дақәшаҳаҭхеит. Зегь реиҳа ихаау ауаҩы ижьоуп, убр ауп исҭаху ҳәа амаҭ абжы ианаҳәеит. Абжы ари ажәабжь Ныҳә иҟынӡа инанагарц ишаҿыз, ажәҵыс ахьӡан, уааи, ус ҳамҳәап, адаӷь ажьоуп изқәиҭзарц аҭаху ҳәа ҳҳәап аҳәеит. Абжы мап акит. Ажәҵыс, "убз сырба" ҳәа абжы ианаҳәан, абз аныҭнага, ажәҵыс абжы абз аахнаҵәеит, "бжжы" ада акгьы азымҳәо иаанхеит. Ажәҵыс Ныҳә иҟны инеин, амаҭ зыҳәо адаӷь ажьоуп аҳәеит. Амаҭ уи иазгәаан, иҩаԥан, ажәҵыс аҵыхәа аабыжьканаҵәеит.
Убриазоуп ажәҵыс аҵыхәа збыжькаҵәоу ҳәа еиҭарҳәоит. Аха иара ахы иамеигӡакәа ауаҩы дахьчеит. Ажәҵарақәагьы ауаҩы иқәгәыӷны, ҩызас дшьаны аҭрақәа аҩны абарҵақәа рҿы изыҟанаҵо убриазоуп.
Ажәаԥҟақәеи азгәаҭарақәеи
Аҵысԥшқа аҭра иахьҭатәоу бзиа иабоит.
Ажәҵыс ааира – ааԥынра ацуп.
Амҵәыжәҩа змоу зегь зыԥыруам.
Ажәҵарақәа иҳаракны иԥыруазар – амш бзиахоит, илаҟәны иԥыруазар – амш бааԥсхоит.
Ажәҵыс аҭра арбгара ҵасым.
Зыҭра ихшәаз ажәҵыс ԥшқа инаганы ихдыртәалоит.
Ҩнык аҿы зыҭра ҟазҵаз ажәҵарақәа, уа ихтәалаз, есышықәса аҭра ахьачаԥаз аҩнахьы иаалоит рҳәоит.
Ажәҵыс аиԥхыӡра ажәабжь бзиа иазҳәоуп.
Дрозд на дереве  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2024
Аԥсны
Иузыразхарц азы: аҵарақәеи амаҵақәеи рыхәҭаа рыҭара
Ажәабжьқәа зегьы
0