Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҵнариа: Лабра ахақәиҭтәра алыршамызҭгьы Мрагыларатәи афронт хыбгалар ауан

Ҵнариа: Лабра ахақәиҭтәра алыршамызҭгьы Мрагыларатәи афронт зынӡаск ихыбгалар ауан
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Мрагыларатәи афронт аҟны аԥсуа еибашьцәа март 1 азы Лабра ахақәиҭтәразы ажәылара иалагеит, аӷацәа уаҳа рнапахьы ирзаамго иҟарҵеит амза 9 рзы. Лабра ақыҭа аӷа иалцара ахьынӡахадаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Леон иорден занашьоу аибашьра аветеран Гиви Ҵнариа.
"Аӷа ижәылаз зегь реиҳа иара изы иманшәалаз, ҳара ҳзы иџьбараз аҳаракырақәа ҩба ааникылеит: Лабра, Ануаа рхәы. Урҭ аҳаракырақәа рҟынтәи Кәтол иалахысуан, ҳәарада, егьырҭ ақыҭақәа зегьы. Астратегиатә ҵакы аман Лабра ахақәиҭтәра, ацәаҳәа аиҟаратәразы аплан шьақәыргылан. Уи аплан актәи аполк аҩбатәи абаталион адҵаҟаҵаҩ Ҭемыр Чагәааи Џыџ ҳәа заҳҳәо, абаталион аштаб аиҳабы Амиран Ҵнариеи рыла ишьақәыргылан. Лабра ахақәиҭтәразы март 1, 1993 шықәсазы излагаз аоперациа иалахәын агәыԥқәа "Аԥсны" Мушьни Ашәба адҵаҟаҵаҩс дызмаз, "Кама" - адҵаҟаҵаҩ Кама Лашәриа, "Тамшь"- адҵаҟаҵаҩ Ҭемыр Цицибава, "Чегем" - адҵаҟаҵаҩ Асланбек Сангәылиа, "Каҭран" - адҵаҟаҵаҩ Чагәаа Џьамал, "Дельфин" - адҵаҟаҵаҩ Витали Осиа, "Дельфин 1"- адҵаҟаҵаҩ Адгәыр Ҵлаииа, Кындыӷтәи агәыԥ- адҵаҟаҵаҩ Дима Кациа. Абарҭ агәыԥқәа рымч еизакны ирымаз абџьар хәыҷы неидкыланы аӷа хәымга инапаҟны иҟаз Лабра аҳаракыраҟны дԥыххаа дықәҵан", - иҳәеит Ҵнариа.
Иара иазгәеиҭеит Лабра ахәы ҳаракыра анҭарцәха анаҩс ахрыӷәӷәарҭақәа ҟаҵаны ахьчара азҵаара шыӡбамыз. Уи аӷацәа рхы иархәаны хымш рнаҩс ҩаԥхьа инеины аҳаракыра ааныркылеит. Март 9 рзы аԥсуа еибашьцәа рымчқәа еиҳагьы еибыҭаны даҽазнык ажәылара мҩаԥыргеит, уи алагьы Лабра аҳаракыра азҵаара ҳасабын, аӷа уаҳа уахь дызхамлеит, иҳәеит Ҵнариа. Аибашьра аветеран иазгәеиҭеит Лабратәи аҩбатәи аоперациа иааирала ихыркәшамызҭгьы Мрагыларатәи афронт алахьынҵа зынӡа ихыбгалар алшон ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0