Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акультуратә афиша: РУСДРАМ аспектакльқәеи аҿар ртеатри

© Sputnik / Томас Тхайцук Пресс-показ спектакля Метод в русдраме
Пресс-показ спектакля Метод в русдраме - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны есымчыбжьа ишәыднагалоит ареспубликаҿы имҩаԥысуа атеатртә қәгыларақәа, афилармониатәи аестрадатәи аконцертқәа, ацәыргақәҵақәа уҳәа жәпакы разгәаҭа.
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Хәажәкыра 18 инаркны хәажәкыра 24 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысуа акультуратә хҭысқәа - Sputnik Аԥсны аматериал аҿы.

РУСДРАМ

Хәажәкыра 18 асааҭ 19:00 рзы РУСДРАМ аҿы аспектакль "Асаркьалых гыгшәыгҭакырҭа" Теннесси Уилиамс ипиеса иалхны Марк Вдовин иқәыргыламҭа. Арольқәа нарыгӡоит: Анна Гиурегиан, Саид Лазба, Милана Ломиаԥҳа, Емиль Петров.
Хәажәкыра 19 асааҭ 19:00 рзы РУСДРАМ аҿы аспектакль "Аметод" - апсихологиатә триллер, арежиссиор Марк Вдовин.
Хәажәкыра 20 асааҭ 19:00 рзы аспектакль "Ацынҵәарах" – Баграт Шьынқәба. Аҭоурых драма, 1864 шықәсазы Кавказтәи аибашьра иахҟьаны зыԥсадгьыл нзыжьыз аублаа рҭоурых аиҭаҳәа.
Хәажәкыра 21 асааҭ 19:00 рзы аспектакль "Евгени Онегин", арежиссиор Сергеи Ефремов.
Вечер посвященный дню рождения Фазиля Искандер - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2024
Аԥсны
Фазиль идунеи аҟынтәи: РУСДРАМ аҟны Искандер ииубилеитә хәылԥазы
Хәажәкыра 23 асааҭ 19:00 рзы амоноспектакль "Ашәахәақәа зхьыршоу". Аҵарауаҩ аекспериментатор Мариа Склодовскаиа-Киури лҭоурых аиҭаҳәа. Лхаҿсахьа аарԥшуп лхаҵеи лыхшареи ирзылыҩуаз асаламшәҟәқәа рыла.

Аҿар ртеатр

Хәажәкыра 19 сааҭ 19:00 рзы Аԥснытәи аҿар ртеатр асценаҿы аспектакль "Аԥсҭазаара ахаҿсахьақәа". Арежиссиор-ақәыргылаҩ, атеатр актиор Ахра Кәарҷиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0