Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Воуԥҳа асезонтә чымазарақәа ирызкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Воуԥҳа асезонтә чымазарақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчаратә усбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит асезонтә чымазарақәа рзы аҳҭнықалақь аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, ауаа еиҳарак изыргәамҵуа, насгьы ахәшәтәырҭақәеи аҳақьымцәеи русура анагӡараҿы иахьынӡеиқәшәо атәы.
Еиҳарак зхы аарԥшны иҟоу уажәы ОРВИ ауп ҳәа азгәалҭеит Воуԥҳа аиҿцәажәараҿы.
"Ашоура, ахәда хьаа, алымҳа хьаа, аимҳәа ацуп уажәтәи авирус. Аҳақьым идҵаалара аҭахуп иаразнак, ачымазара ианаамҭоу ишахәҭоу еиԥш ахәшәтәра иалагарцаз. Уи инаваргыланы иаҳа ауааԥсыра зыргәмҵуаны иҟаз амгәахьаа чымазароуп. Аинфекциатә хәшәтәырҭахь инеиуа еиҳарак ирыхьуа ачымазара адагьы еиҭа даҽакы анырзацло ауп", - ҳәа лҳәеит Воуԥҳа.
Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчаратә усбарҭа аиҳабы иара убасгьы дазааҭгылеит ақалақьтә хәшәтырҭаҿы иазгәаҭоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0