Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алақәа хәыдаԥсада рраҟәараз акциа мҩаԥгахоит Аԥсны

© Sputnik / Томас Тхайцук Бездомные собаки
Бездомные собаки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2024
Анапаҵаҩра
Акциа хацыркхоит Цандрыԥшь, мшаԥы 10 -13 рзы, ихыркәшахоит Гагра, мшаԥы 14 - 20 рзы. Аҳәаанырцәтәи аветеринарцәа 600 рҟынӡа аԥстәы рраҟәоит.
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Алақәа хәыдаԥсада рраҟәараз акциа мҩаԥгахоит Гагреи Цандрыԥшьи мшаԥы 10 - 20 рыҩнуҵҟа ҳәа Spunik иазеиҭалҳәеит аԥстәқәа рыцхрааразы афонд "Багиреи" алақәа аамҭалатәи рбарҭа "Топеи" рнапхгаҩы Саида Оҭырԥҳа.
Акциа мбаԥыргоит Бриџьит Бардо л-Фонди аԥстәқәа рыхьчаразы анемец Ассоциациеи. Ареспубликахь иааргоит жәаҩыла аҳәаанырцәтәи аҟазауаа.
"Дара ирылшоит мышкала шә-лак рыԥҟара, аха уадаҩраны иҟоу алақәа рынкыларҭақәа ахьыҟоу Гагреи Цандрыԥшьи роуп, убри азоуп аԥҟарақәагьы ара изымҩаԥырго. Егьырҭ араионқәа рҟынтәи аволонтиорцәа алақәа кны арахь иааргароуп. Уи ауадаҩрақәа ацуп, атранспорти ауааи рзымхаразы", - лҳәеит Оҭырԥҳа.
Лара лажәақәа рыла аԥшәма дызмам алақәа реиԥш аԥшәмацәа змоу алақәагьы рыдыркылоит. Саида Оҭырԥҳа илҳәеит ари апроблема зхала иззымыӡбо ауаа шырацәоу, уи иахҟьаны ареспубликаҿы икажьу алақәа шырацәахаз. Уи адагьы ауааԥсыра ирцәыуадаҩуп аветеринар иџьабаа ахә ахшәаара. Бжьаратәла - 3500 мааҭ.
Акциа хацыркхоит Цандрыԥшь, мшаԥы 10 -13 рзы, ихыркәшахоит Гагра, мшаԥы 14 - 20 рзы. Аҭыԥ макьана иазалхым, аволонтиорцәа асоциалтә ҳақәа рҟны рдаҟьақәа рҿы иадырбоит аҭыԥ аналххалак.
Ажәабжьқәа зегьы
0