Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниаԥҳаи Кара-Осман-оӷли асоциалтә проектқәа раԥҵашьа иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниаԥҳаи Кара-Осман-оӷли асоциалтә проектқәа раԥҵашьа иазкны
Анапаҵаҩра
Асоциалтә проектқәа рыҟаҵаразы алшарақәа рзаԥырҵоит ҳтәыла араионқәа рҿар ари аус хацнаркит Адунеизегьтәи аԥсуа-база конгресси, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы ахаҭарнакцәа. Аконгресс аҿари аус рыцуреи, абаҩрҵәыреи рзы аҟәша аспециалист Есма Кәыҵниаԥҳаи Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оӷли арадио Sputnik аҿы ари атема иалацәажәеит.
Кәыҵниаԥҳа илҳәеит апроект ҿыц ашколхәыҷқәа ишырзырхоу, асоциалтә проектқәа рышьақәыргылашьа дырҵара иазкхоит. Ашықәс нҵәаанӡа ф-школк аҿы усмҩаԥгатәқәа еиҿкаахоит. Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, ахәыҷқәа ироуеит алшара апроектқәа рыҩра, аҵыхәтәаны зегьы реиҳа иалкаахо апроект аҿиара аиуеит.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0