Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Москва атеракт, аларашара арцәара аамҭеихша ҿыц, Аҟәа ауаҩшьра

© Sputnik / Марианна Кубрава У Посольства России в Абхазии проходит акция в память о погибших в теракте в "Крокус Сити холле"
У Посольства России в Абхазии проходит акция в память о погибших в теракте в Крокус Сити холле - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит хәажәкыра 18-24 рызтәи ахҭысқәа рыхҳәаа.
Москва иҟалаз атеракт ашьҭахь Аԥсны Урыстәыла адгылара, Аслан Бжьаниа Москва иҟазаараан дызԥылаз, ареспублика аенергосистема аҭагылазаашьақәа, Аҟәа ауаҩшьразы иааныркылаз ртәы Sputnik аматериал аҿы.

"Крокус Сити Холл" иҟалаз арыцҳара

Подмосковиетәи Красногорск аҿы аконцерттә зал "Крокус Сити Холл" аҿы атеракт ҟалеит хәажәкыра 22 рзы ахәылбыҽха.
Идырым хҩык ауаа "Крокус Сити Холл" иҩналеит, автоматикатә бџьар ала ауаа рылахысра иалагеит. Ахыбраҿы амцакра ҟалеит.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла "Крокус Сити Холл" аҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара 137-ҩык рҟынӡа инаӡеит, 180-ҩык аахақәа роуит.
Акции памяти жертв теракта в Крокус Сити Холле - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2024
Урыстәыла
"Крокус Сити Холл" аҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара 137-ҩык рҟынӡа инаӡеит
"Крокус" аҿы атеракт знапы алаҟьашьу ҳәа гәҩарас ирыманы жәеизаҩык наргеит Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы ахыбрахь, урҭ рҟынтәи атеракт ҟарҵеит ҳәа гәҩарас ирымоуп ԥшьҩык ахацәа. Урҭ Бриансктәи аобласт аҿы ауп иахьныркылаз. Украинаҟа зхы рханы ицоз гәҩарас ирымоу ауаа рмашьынаҿы ирбеит Макаров итапанчеи Калашников иавтомат азы ахҭрақәеи. Абџьар зегьы азы аекспертиза азгәаҭоуп.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин дидышшылеит "Крокус Сити Холл" имҩаԥгаз атеракт аҟны ауаа ахьҭахаз инамаданы.
"Гәалсра дула сшәыдышшылоит. Аԥсуа жәлар рылахь еиқәуп, иҭахаз рыуацәеи рҭахцәеи ргәырҩа рыцеиҩыршоит. Сақәыӡбоит, агәыӷра сымоуп ацәгьа аҭак аиуп ҳәа, ахара здугьы рықәнага иақәшәап ҳәа", - аҳәоит адышшыларатә шәҟәаҿы.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2024
Аԥсны
Бжьаниа Путин дидышшылеит "Крокус сити холл" имҩаԥгаз атеракт аҟны ауаа ахьҭахаз инамаданы
Адышшыларақәа ҟарҵеит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аполитикатәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа.
Асабша, Аҟәа, Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы имҩаԥысит агәалсратә акциа.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин акциа алахәылацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит, адипломат иазгәеиҭеит ареспублика анапхгара рыдашшылара Москваҟа ишынашьҭу.
"Ҭабуп ҳәа ахаҳҳәаауеит иҟашәҵо адгылара, ас иҟоу ахҭысқәа еиҳагьы идырӷәӷәоит ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа" ҳәа иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.
Флаг приспущен над зданием администрации Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2024
Аԥсны
Аԥсны абираҟқәа лашьҭуп "Крокус" атеракт аан иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыр азы
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иахәҭоу ацхыраара дшазыхиоу атәы азгәеиҭеит. RT, МИА "Россия сегодня" рредактор хада Маргарита Симониан лтелеграмм-канал аҿы илҩит Аԥсны АдәА рминистр Инал Арӡынба аахақәа зауз Аԥсны аҵакыраҿы рреабилитациа аиҿкаара ацхыраара аҭара дшазыхио ҳәа.
Хәажәкыра 23 азы Аԥсны ауахәамақәа зегьы рҿы Анцәаиҳәарақәа мҩаԥган. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа хәажәкыра 24 лахьеиқәратә мшны ирылеиҳәеит.

Аусутә ныҟәара

Хәажәкыра 19 рзы Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа диԥылеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Антон Ваино, ирылацәажәан асоциал-економикатә еинырра азҵаарақәа.
Ашәарҭадара аусхки аенергетиказ аусеицуреи иалацәажәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви.

Урыстәыла ахада иалхрақәа

Аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны Урыстәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысуан хымш, хәажәкыра 15 инаркны 17 рҟынӡа.
Урыстәыла Алхратә комиссиа хада атәыла ахада иалхрақәа рзы аофициалтә еихшьаалақәа ҟанаҵеит.
Владимир Путин аиааира игеит, иара иоуит 87,28% алхыҩцәа рыбжьқәа. 87,5 миллионҩык алхыҩцәа ахьыҟаз 76,2 миллионҩык иара изы рыбжьы рҭиит.
Рабочая поездка президента РФ В. Путина в Чувашию - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2024
Урыстәыла ахада иалхрақәа
Владимир Путин аԥыжәара имоуп Урыстәыла ахада иалхраан аԥкаанҵақәа 99,65% ргәаҭара ашьҭахь
Хәажәкыра 19 рзы ҭелла еицәажәеит Аслан Бжьаниеи Владимир Путини.
Ҭелла аицәажәараан аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла Ахада гәахәарыла дидныҳәалеит иара ихьӡалеи Аԥсны жәлар рыхьӡалеи. "Алхрақәа реихшьалақәа иаадырԥшит урыстәылатәи анапхгара зну амҩа атәылауаа инарҭбааны адгылара шарҭо", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аслан Бжания и Радий Хабиров - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2024
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Владимир Путин идиныҳәалеит Урыстәыла ахада иалхрақәа рҿы аиааира ахьигаз
Атәылақәа рнапхгаҩцәа Аԥсны жәлари Урыстәыла ажәлари реизҳазыӷьара ахьӡала аԥхьаҟагьы аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ишадгыло еибырҳәеит.
Выборы президента России - Sputnik Аҧсны
27 аматериалқәа
Урыстәыла ахада иалхрақәа
21 Хәажәкыра, 16:32

Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҟны аилацәажәара

Бадра Гәынба аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азҵаарақәа рыла аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аилатәара рхы аладырхәит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, аҳаирбаӷәаза адиректор Хада Наиль Батраев.
Вице-президент Бадра Гунба провел рабочее совещание в сухумском аэропорту имени Владислава Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2024
Аԥсны
Бадра Гәынба аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аҿы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит
Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала аҳаирбаӷәазахь инагоу автомашьынатә мҩаҿы имҩаԥысуа аусурақәа рцашьа гәеиҭеит. Бадра Гәынба иара убас ашьҭыԥраара-тәаратә цәаҳәа аҿы адемонтажтә усурақәа рцашьа гәеиҭеит. Уи аҭакԥхықәра зду ауаа ирыдиҵеит апроект алахәылацәа зегьы русура ишахәҭоу еиԥш иҳәаақәҵазарц иарбоу аҿҳәара инақәыршәаны.
В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" ареконструкциазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсны аиҳабыреи аилахәыра "Инфраструктурное Развитиеи" жьҭаара 27 рзы. Аобиект 2024 шықәса анҵәамҭазы ахархәарахь ирырҭараны иҟоуп.

Алашара арцәара аамҭеихша ҿыц

АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагулиа аҳәамҭа ҟаиҵеит хәажәкыра 18 рзы урыстәылантәи иаауа алашара шаанкылахо.
Анаплакы иаанахәаз афымцамч ахархәара азырулоит асааҭ 21:00 -7:00 рзы, егьи аамҭазы ЕгрыГЕС аҟынтәи иаауа алашара ахархәара аҭахалоит.
Хәажәкыра 22 рзы ареспубликаҿ иаларгалеит алашара аиура аамҭеихша ҿыц. Уи аҽны атәыла аԥыза-министр Александр Анқәаб ареспублика афымцамч ала аиқәыршәара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.
вопросы энергетики обсудили в Кабмине - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2024
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаараҟны аенергетика азҵаарақәа ирылацәажәеит
Аусуратә еиԥылара рхы аладырхәит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа, АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор Ҭемыр Џьынџьали уи ихаҭыԥуаҩ, анџьныр хада Ҭенгиз Гырџьынбеи.
Аԥыза-министр ареспублика аенергетикеи атранспорти Рминистрра Ареспубликатә унитартә Наплакы "Амшынеиқәафымцамч" алархәны 2024 шықәса аҩбатәи аԥшьбара азы афымцамч ахархәара амҽхак азы азԥхьагәаҭарақәа рыҟаҵареи афымцамч ала аиқәыршәараҿы аиԥҟьарақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы иназыцҵоу ажәалагалақәа рыҟаҵаразы адҵа аиҭеит.
Четыре аппарата для майнинга изъяли на таможенном посту Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2024
Аԥсны
Амаининг хархәагақәа ԥшьба рымхын аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы
Аԥсны иацырҵоит акриптовалиута арҳара аҿагыларазы аусутәқәа. Аҳазалхратә ҭыԥ "Ԥсоу аусзуҩцәа аҳазалхратә гәаҭара "Импорт" азона аҿы иаанкыланы игәарҭеит автомашьына "Toyota Alphard". Уи аԥсҟы икын Кәарҷиа Р. Р. Амашьына аидараҭыԥ аҿы аполиетилентә еилаҳәарақәа ирылаҳәаны иҭан акриптовалиута арҳара иазку амаининг аппаратқәа ԥшьба. Ари аус аматериалқәа зегьы Аԥсны Аҳазалхратә Еилакы аҭҵаарақәеи аусеилыргареи рыҟәша ахь идәықәҵоуп.
Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭаҿи Гәылрыԥшь араион Мархьаул ақыҭаҿи иаарԥшын ҩ-криптофермак – 117 аппарат. Ахархәагақәа зтәу ирымхуп.

Бедиа ақыҭаҿ амцакра

Бедиа ақыҭан ҩ-еихагылак змоу ахатәыҩны блит хәажәкыра 18 рзы.
Иаԥхьатәиу адыррала, аҳауатә цәаҳәа "Аҽгәара" ԥҵәан, ақыҭауаа рыҩнқәа рахь инеиуаз афымцацәаҳәақәа ирықәҳаит. Уи иахҟьаны абылра ҟалеит. Аха нас, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба иҳәеит уи иашам ҳәа.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭимур Агрба иҳәеит аҩны аиҭашьақәыргылара шамуа. Иара иажәақәа рыла, урҭ аҩн ҿыц рыздыргылоит, уажәы апроект ашьақәыргылара иаҿуп.
Пожар в Национальной картинной галерее - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2024
Аԥсны
Бедиа ақыҭан ҩ-еихагылак змоу ахатәыҩны блит

Аҟәа ауаҩшьра

Хәажәкыра 20 азы Аҟәа ақалақь аҿы ауаҩшьра ҟалеит. Ацәгьоура ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас ирымоу Сергьегьиа Ҭ.И. даанкылоуп, иҿиқәшаҳаҭхеит.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, хәажәкыра 20 рзы асааҭ 20:10 рзеиԥш Сергьегьиа Аҟәа, Коӷониа имҩаду аҩны №37 аҿаԥхьа автомашьына "Мерседес" амодель S-222 ала днеин, жәынтәы иреиҵамкәа Ханазариан А.С. диеихсит зкалибр 9,19 мм иҟоу ишьақәыргылам амцабџьар ала. Ханазариан аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит.
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2024
Аԥсны
Аҟәа агәаны ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас ирымоу дырбаандаҩуп

"Анацизмҵәҟьа"

Ацәыргақәҵа "Анацизмҵәҟьа" аатит Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьра Афырхаҵара амузеи аҿы, Аҟәа.
Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп 2014-2023 шықәсқәа рзы украинатәи анеонацистцәа рыцәгьоурақәа, Новороссиа ахы иақәиҭызтәуаз аурыс солдаҭцәа рфырхаҵара.
"Аԥсны азы ацәыргақәҵа актуалуп раԥхьа иргыланы 2014 шықәса раахыс ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа хатәгәаԥхарала Украина имҩаԥысуа арратә операциа ҷыда иахьалагыло азы" ҳәа лҳәеит Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара Аԥсны иҟоу Ахаҭарнакра аиҳабы Милана Бжьаниаԥҳа.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иҳәеит ацәыргақәҵа актуалра шамоу.
Аекспозициа аартуп хәажәкыра 22 рҟынӡа. Аиҿкааҩцәа: Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи Россотрудничество Ахаҭарнакреи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьра Афырхаҵара амузеии аспорт азы Аҳәынҭеилаки.
Выставка в музее боевой славы - Обыкновенный нацизм - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2024
Аԥсны
Аҟәа иаатит украинатәи анационалистцәа рыцәгьоурақәа аазырԥшуа ацәыргақәҵа

Ажурналистцәа ҿарацәа рзы аурок

Амедиашкол "Аԥсны ажурналистцәа ҿарацәа" аԥхьатәи аурок мҩаԥысит Аҟәа, Москва аҩнаҿы. Онлаини оффлаини иара иалахәхеит 60-ҩык, 14 -25 шықәса зхыҵуаз.
Аартраан Аԥсны иҟоу Россотрудничество аиҳабы Дмитри Федотови Амультивидеопортал "ЮНПРЕСС" адиректор Диана Миасниковеи имҩаԥыргеит аҟазаратә-класс сторителлинг азы.
Имҩаԥысраны иҟоуп атренингқәа, аҟазаратә-классқәа, асеминарқәа Аԥсны, Урыстәыла, Кыргызстан, Ҟазахстан рҟынтәи аҟазауаа рнапхгарала.
Амедиашкол еиҿыркааит Аԥсны иҟоу Россотрудничествеи аурыс уаԥшт "Славянский доми".
Ажәабжьқәа зегьы
0