00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа раԥхьатәи ахада Шоҭа Арсҭаа иԥсҭазаара далҵит

© SputnikЮбилей Академии наук Абхазии - 20 лет
Юбилей Академии наук Абхазии - 20 лет - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Аҵарауаҩ ду, абызшәаҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Шоҭа Арсҭаа иԥсҭазаара далҵит.
"Иахьа ашьыжьымҭан сгәы ҭызшьаарыз ажәабжь саҳаит. Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа иқәра ыҟан ҳәара аҭахума, 95 шықәса март 10 рзы ихыҵит. Уи убриаҟара аԥсуаҭҵааразы, аԥсуа бызшәа иадҳәалоу азҵаарақәа рзы, аҿар реиҵааӡаразы аџьабаа рацәаны ибахьан. Раԥхьа дҳарҵаҩын, аха нас даҳҩызахеит. Иара ҭаацәала акыр даҳзааигәан, сыԥшәма рҵаҩыс иара диман, сыԥҳа рҵаҩыс длыман", - лҳәеит академик, апрофессор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Лили Ҳагԥҳа.
Шоҭа Арсҭаа Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәша дахагылан, уи аԥхьа ауниверситет аҟны аԥсуа кафедра деиҳабын, афилологиатә факультет аҟны деканс дыҟан.

"Даара ихьӡ-иԥша ҳаракын, иаҳаҭыр ыҟан, аԥсуа-адыга бызшәақәа рыдагьы, кавказтәи абызшәақәа рыҟәша далгеит. Иара иреиӷьыз астудентцәеи аспирантцәеи дыруаӡәкын", - лҳәеит Ҳагԥҳа.

Арсҭаа – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа раԥхьатәи ахада, иара аҭҵаарадырраҿы илшамҭақәа рзы ахьтәы медал ианашьан.
"Аԥсуа-адыга бызшәақәа рыҭҵаараҿы аԥхьа ддыргылон. Иара зерь раԥхьа иргылон ауаҩра, адырра. Ацәгьа аҟны, абзиа аҟны дҩыза бзиан, акырынтә аконференциақәа рахь ҳаиццахьан Аԥсны анҭыҵ. Аламыси, апатуи, адырра бзиеи, узҿу аус дырны, абри иваҟәыло дабаҟоу ҳәа узырҳәар иҭахын. Сара сзы Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа иԥсҭазаара иалҵра - ицәыӡ дууп. Иахьатәи аамҭазы сахьынаԥшааԥшуа иара аӡә иваргылара даара исцәыуадаҩуп", - лҳәеит аҵарауаҩ.
Юбилей Академии наук Абхазии - 20 лет - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2024
Аԥсны
"Аԥсуа ҵарауаа раԥхьагылаҩ": Шоҭа Арсҭаа 95 шықәса ихыҵит
Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа ишәҟәы "Аԥсуа бызшәа аграмматика" азы ианашьоуп Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа. Аҵарауаҩ икьыԥхьхьеит 40 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы амонографиақәагьы. Дравторуп аԥсуа ҵараиурҭақәа рзы иҭыжьу аԥсуа бызшәа арҵага шәҟәқәеи ацхыраагӡақәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0