Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәыҵниаԥҳа Урыстәылатәи аԥшӡара аицлабра лалахәхаразы: ҳауаажәлар ирыбзоурахеит

Кәыҵниаԥҳа Урыстәылатәи аԥшӡара аицлабра лалахәхаразы: ҳауаажәлар ирыбзоурахеит
Анапаҵаҩра
Аконкурс “Мисс краса Руси” атитул ланашьоуп аԥсуа ҭыԥҳа Викториа Кәыҵниаԥҳа. Амодель ари ахҭыс шлыдылкылаз атәы, насгьы аицлабра лалахәхара шыҟалаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит.
Викториа илҳәеит, апроект мызкы аԥхьа ишлыдыргалаз, аха уи иаразнак ишлыдлымкылаз.
"Аҵыкқәа ӡахтәын ҷыдала аконкурс азы. Сара уи ҳдизаинерцәа ирыдызгалеит. Аԥсуа маҭәа лӡахит Гәылиза Аҩӡԥҳа. Аҵыхәтәантәи сцәырҵраан исшәыз аҵкы аԥылҵеит Мадина Ҷанԥҳа. Дара рхахьы иганы исзырӡахит хәыда-ԥсада амаҭәа. Аԥсны ахьӡ ӡырыбгозар, ҳаргьы ҳбыдгылоит ҳәа ҳәаны. Гәылиза ашәҵатәы аӡахра далагаанӡа аԥсуа музеи аҿы ҳаҟан. Аҵкы аԥшшәы, аҩычагақәа ҭҵааны, издыруа ауаа ҳразҵааны иҟаҳҵеит. Аԥсуа ӡӷабцәа акасқәа рхарҵон жәытә-натә аахыс, уигьы ҳхы иаҳархәеит. Аҟармыгәқәагьы сыман, урҭ "Шьараҭын" аҟынтә исырҭеит. Иара аицлабра ашьҭахь Гәылиза исалҳәеит уи аҵкы сара ишсылҭо, ари сақәгәыӷӡомызт зынӡа. Аџьабаа адбаланы, иҟалҵаз сара истәхеит. Иара убасгьы адгылара сырҭеит агәыԥ "Нарҭаа", дара аицлабра ахәҭак аҿы исыццәырҵит. Абасала зегьы ирыбзоураны аицлабрахь снеит", - ҳәа еиҭалҳәеит аԥсуа модель.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0