Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Анқәабԥҳа аҵарауаа ҿарацәа рус аҿы ирымоу ауадаҩрақәа ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Анқәабԥҳа аҵарауаа ҿарацәа рус аҿы ирымоу ауадаҩрақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак раԥхьатәи аизара мҩаԥысит атәыла ахада иусбарҭаҿы. Аҵарауаа ҿарацәа русура еиҳа активла аӡыргара, урҭ ирымоу ауадаҩрақәа, ацхыраара рызҭаша агрантқәа рзы ахада иҟны афонд аԥҵара уҳәа излацәажәаз атәы арадио Sputnik аефираҿ еиҭалҳәеит Аԥсуа аҭҵаарадырратә институт усзуҩ Альбина Анқәабԥҳа.
Аҵарауаҩ лажәақәа рыла, аиԥылараҿы илыман алшара иахьа изҭагылоу аҭагылазаашьа атәы аҳәара, насгьы аҭҵаарадырра аус аҿы ирԥыло ауадаҩрақәа ртәы.
Анқәабԥҳа арадиоефир аҿы илҳәеит, раԥхьа иргыланы аусурҭатә ҭыԥ ишахәҭоу еиԥш еибыҭазар шакәу, уи анаҩс ишрымазар ахәҭоу алшара ианаамҭоу аекспедициақәа рымҩаԥгаразы. Альбина илҳәоит ауниверситет аҿы аҵара зҵо астудентцәа рахьынтә ишыҟоу аҭҵаарадыррахь ицар зылшо, аха аҵыхәтәаны аспирантурахь ицо рхыԥхьаӡара зынӡа ишмаҷӡоу. Ибзиаӡаны аҵара зҵо астудентцәа еилыркаауеит аҭҵаарадырра мацарала ухы шузныҟәымго, убри аҟнытә даҽа мҩакы алихуеит ҳәа азгәалҭеит Анқәабԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0