https://sputnik-abkhazia.info/20240412/khra-zlou-akhysa-kartskhia-gdoua-araion-ay-ayankhamat-proekta-rlysha-iazkny--1050744696.html
Хра злоу ахҭысқәа: Кәарцхьиа Гәдоуҭа араион аҿы ақыҭанхамҩатә проектқәа рлыҵшәа иазкны
Хра злоу ахҭысқәа: Кәарцхьиа Гәдоуҭа араион аҿы ақыҭанхамҩатә проектқәа рлыҵшәа иазкны
Sputnik Аҧсны
Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма инақәыршәаны араионқәа рҟынтәи аминистррахь инашmҭыз апроектқәа 500 рҟынтә 347 проект рыдкылан. Урҭ рыбжьара Гәдоуҭа араион... 12.04.2024, Sputnik Аҧсны
2024-04-12T13:43+0300
2024-04-12T13:43+0300
2024-04-12T13:43+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
хра злоу ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/0c/1050744532_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_2f6c51e2b67165ef53db6735b2d861ca.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Кәарцхьиа Гәдоуҭа араион аҿы ақыҭанхамҩатә проектқәа рлыҵшәа иазкны
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Кәарцхьиа Гәдоуҭа араион аҿы ақыҭанхамҩатә проектқәа рлыҵшәа иазкны
Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма инақәыршәаны араионқәа рҟынтәи аминистррахь инашmҭыз апроектқәа 500 рҟынтә 347 проект рыдкылан. Урҭ рыбжьара Гәдоуҭа араион аҟынтә ақыҭанхамҩа аҿиаразы 125 проект алаҵан. Иззырхахои дара, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иури Кәарцхьиа.Сынтәа ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммала Гәдоуҭа араион аҟынтә 74 проект рыдыркылеит, иаадкыланы 25 миллион мааҭ рыхәала. Ԥшьышықәса ирылагӡаны араион аҿы 172 проект аҿиара аиуит ҳәа адырра ҟаиҵеит Кәарцхьиа.Иара иажәақәа рыла. анхаҩцәа еиҳарак ирҭахәу ашәыреиҭаҳара, арахәааӡара, акәтааӡара, ауасақәа рынҵара, ашьхақәа рааӡара, аԥсыӡааӡара, ауҭраҭых ааӡара, ашәырқәа рырҩара, аӡыхаақәа рыҟаҵара. Кәарцхьиа иҳәеит апроектқәа алазҵо рҟнытә аҿар шырацәоу.Апроектқәа рылҵшәа бзиоуп. Анхаҩы ак ҟазҵар зҭаху, иара илымшоны ацхыраара иуҭозар, уи ҟаимҵар ҟалаӡом. Анхаҩцәеи ҳареи еснагь ҳаимадоуп, изыргәамҵуа ыҟазар, иаразнак адырра ҳарҭоит", - азгәеиҭеит иара.Кәарцхьиа иҳәоит, апрограмма иабзоураны ақыҭаҿы иаанхо ауааԥсыра шыҟоу. Ақыҭаҿы ауаҩы аус аниоу, уи алыҵшәа анамоу, иааирыхуа аҟәрышь анинаҭа, ақыҭаҿы аанхара игәаԥхо дҟалоит, ҳәа азгәеиҭеит араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы.Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/0c/1050744532_191:0:2920:2047_1920x0_80_0_0_73c2cc17d425f7c577b1f5380bffe52a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма инақәыршәаны араионқәа рҟынтәи аминистррахь инашmҭыз апроектқәа 500 рҟынтә 347 проект рыдкылан. Урҭ рыбжьара Гәдоуҭа араион аҟынтә ақыҭанхамҩа аҿиаразы 125 проект алаҵан. Иззырхахои дара, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иури Кәарцхьиа.
Сынтәа ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммала Гәдоуҭа араион аҟынтә 74 проект рыдыркылеит, иаадкыланы 25 миллион мааҭ рыхәала. Ԥшьышықәса ирылагӡаны араион аҿы 172 проект аҿиара аиуит ҳәа адырра ҟаиҵеит Кәарцхьиа.
Иара иажәақәа рыла. анхаҩцәа еиҳарак ирҭахәу ашәыреиҭаҳара, арахәааӡара, акәтааӡара, ауасақәа рынҵара, ашьхақәа рааӡара, аԥсыӡааӡара, ауҭраҭых ааӡара, ашәырқәа рырҩара, аӡыхаақәа рыҟаҵара. Кәарцхьиа иҳәеит апроектқәа алазҵо рҟнытә аҿар шырацәоу.
Апроектқәа рылҵшәа бзиоуп. Анхаҩы ак ҟазҵар зҭаху, иара илымшоны ацхыраара иуҭозар, уи ҟаимҵар ҟалаӡом. Анхаҩцәеи ҳареи еснагь ҳаимадоуп, изыргәамҵуа ыҟазар, иаразнак адырра ҳарҭоит", - азгәеиҭеит иара.
Кәарцхьиа иҳәоит, апрограмма иабзоураны ақыҭаҿы иаанхо ауааԥсыра шыҟоу. Ақыҭаҿы ауаҩы аус аниоу, уи алыҵшәа анамоу, иааирыхуа аҟәрышь анинаҭа, ақыҭаҿы аанхара игәаԥхо дҟалоит, ҳәа азгәеиҭеит араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.