Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ломеи Бускеи": аамҭа иахылҿиааз ауардынхьча иашәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Арба с фруктами
Арба с фруктами  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2024
Анапаҵаҩра
Ауардын - аԥсуаа рҿы еидарамҩангага машьынас ахархәара змаз, иара ус рныҟәгагасгьы ирымаз маруган. Иахьа уи амузеитә експонатқәа иреиуоуп, иара убас еиуеиԥшым адәынтәи ақьафурҭақәа, аԥсшьарҭаҭыԥқәа арԥшӡоит. Афольклор аҿы уи иадҳәалоу аҿаԥыцтә рҿиамҭақәа маҷым.
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа иахьа иҳадылгалоит аџьа ашәақәа ржанр иаҵанакуа ауардынхьча иашәа иазку анҵамҭа.
Аԥсҭазаара аҿиара, аҽыԥсахра аџьа ашәақәа атемақәа ирныԥшуеит. Иаҳҳәозар: "Ауардынхьча иашәа" - аџьа амотивқәа рыдагьы асоциалтә мотивқәа, акласстә еиҟарамрақәа аанарԥшуеит. Иахьа ауардын амузеитә експонатқәа иреиуоуп, еиуеиԥшым адәынтәи ақьафурҭақәа, аԥсшьарҭаҭыԥқәа арԥшӡоит, иџьашьаны аиҿартәышьа иахәаԥшуеит.
Уаанӡа акраамҭаӡа еидарамҩангага машьынас аԥсуаа рҿы ахархәара змаз ауардын акәын: амҿы алааргон, аӡлагарахь иалацон, иара ус рныҟәгагасгьы ирыман. Уардынла аныҟәара амҩа маҷ уқәнархомызт. Ҭынч-ҭынч, амҩа ҭаҟәаҭаҿарақәа инарҭыс-аарҭысуа ацашьа аритм ауп иамоу ауардынхьча иашәагьы. Егьырҭ аџьа ашәақәа ирыҿурԥшуазар, ари ихиаала иҟоу алирикатә ашәоуп. "Ауардын, са суардын, уареи сареи, ахәуреи, ..." ганкахьала ажәлар изҭагылаз аџьамыӷәа, ирымаз аџьабаа аанарԥшуеит. Даҽа ганкахьала алафтә мотивқәа аныԥшуеит. Иааҳгап ари жәлар рашәа авариантқәа руак:
Уоо, уоо-ашьа, иауоо-уаа,
Ломеи Бускеи рахә бзиоуп, уоо-уаа,
Цәалеи жьылеи хар рымаӡам, уоо-уаа,
Аха зоулак дара ҵаркуеит, уоо-уаа,
Ируа, ирҳәо патук ақәым, уоо-уаа,
Нымҩак наҭан, ӡмахк инҭарҵоит, уоо-уаа,
Лымҳа ианкны, уӷә иаҵаркуеит, уоо-уаа,
Хәҵырхагақәагь даара иӷәӷәоуп, уоо-уаа.
Ахәда днақәтәан, аҟәаҟә днасит, уоо-уаа,
Уоо-уааи, ауаи-да, уоо-уаа.
Ломеи Бускеи камбашь дуқәоуп, уоо-уаа,
Феида рҳаҩуп, патук рықәым, уоо-уаа,
Хынҩажәижәаба ԥуҭ кылрымгеи, уоо-уаа,
Абазк ахә дара ирҿарҵеит, уоо-уаа,
Ианылашьца, мхык инҭаҳаит, уоо-уаа,
Ианырыӡба, хә-ԥуҭк иқәрымҵеи, уоо-уаа,
Уоо, уараида-уараида, уоо-уаа,
Уоо, уараида-уараида, уоо-уаа,
Бускеи Ломеи бырбал ҟьаҟьеи, уоо-уаа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Ауардын
Сбор урожая кукурузы - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2024
Ауардын
Ашәаҿы, ишаҳбо ала, Ломеи Бускеи ҳәа иумортә ҵакыла ажәлар зыӡбахә рҳәоз ажәлар рџьабаала инхоз, афеида алызгоз роуп. Ломеи Бускеи реиуа ес-аамҭа иҟазар ҟалап, ҳаамҭагьы иаламкәа иҟам…
Ажәлар рашәа шьаҭас иҟаҵаны ҳлитература аклассикцәа иаԥырҵеит аԥҵамҭақәа. Урҭ иреиуоуп Дырмит Гәлиа иажәеинраала "Ломеи Бускеи", Алықьса Џьонуа: "Ауардын". Акомпозитор Ражьден Гәымба ари аҵыхәтәантәи аԥҵамҭа иалихыз ашәа ажәлар ирылаҵәан, рхатәык еиԥш ирыдыркылеит.
Вспашка земли плугом  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2022
Аԥсны
"Разҟыс иҟоу ахшыҩи амахәҿеи роуп" - Аџьаус аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа ишырныԥшыз
Ажәабжьқәа зегьы
0