Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Разҟыс иҟоу ахшыҩи амахәҿеи роуп" - Аџьаус аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа ишырныԥшыз

© Foto / Адгәыр Гәынба Вспашка земли плугом
Вспашка земли плугом  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа рҿы аџьа атематика ҭыԥс ианнакыло атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа рҿы аџьа атематика аҭыԥ акырӡа идууп. Уи атема цәаҳәа ҟаԥшьны иагәылгоуп уҳәар алшоит, шамахамзар, афольклор ажанрқәа зегьы – ажанр ссақәа инадыркны аепос аҟынӡа. Иаҳҳәозар, Нарҭаа репос аҟны Нарҭаа аишьцәа рызегьы акака ирызкуп: Нарҭ Сиҭ- иԥа Уахсиҭ ҷыдала дырхылаԥшуан ауахьад, аԥсаса илаԥш рхын Нарҭ Кәын, ацәқәа ибон Қьаҭауан, ажәқәа гәарихуан Аҭлагәыца уҳәа убас. Аепос иаанарԥшуеит аишьцәа анхара-анҵыра ду шрымаз, рџьаус еихшаны ишыҟаз. Дара ирылан еиуеиԥшым анапҟазарақәагьы.
ацәаӷәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2021
Аԥсны
Анаԥа-Нага – аҽаҩра анцәахәы илызку аныҳәара
Убас аџьаус атематика аарԥшуп аԥсуа лакәқәа рҟынгьы, ажәаԥҟақәеи ацуфарақәеи рҟны. Ҿырԥшыс иаагап абарҭ ажәаԥҟақәа:
"Аџьабаа абзабаа ацуп";
"Разҟыс иҟоу ахшыҩи амахәҿеи роуп";
"Ауаҩы иусуреи ицәажәашьеи рыла дудыруеит, аҽада – алымҳала";
"Аура хаҳароуп";
"Џьабаала иурҳауа аҿаҵа хаахоит";
"Шьыжьы игылаз иҽан ҽаба аҵеикит".
Хазы зегьы ирылкьны игылоуп аџьа ашәақәа. Аџьа ашәақәа аҿаԥыцтә рҿиамҭақәа рахьтә зегь реиҳа рхыҵуеит, зегь реиҳа ижәытәуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны ауаҩы усс ииуаз зеиԥшраз иақәыршәаны ашәа иҳәон. Урҭ ашәақәа иџьа аиҿкааразы ицхыраагӡаны иҟан, иус арццакуан, иарманшәалон, ахатә ритм шьақәнаргылон.
Традиционная пахота в с.Бармыш - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2020
"Илауҵо ауп иааурыхуа": ахандеира иадҳәалоу аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәа
Аԥсуаа иаԥырҵаз, ианҵаны аҵарауаа еиқәдырхаз аџьа ашәақәа иреиуоуп " Аҽага ашәа" ма "Арашәара ашәа" ҳәа хыс измоу. Уи иара аусура ахаҭа шеиҿкааз еиԥш, коллективла, гәыԥ-гәыԥла ирҳәон. Ашәа атакт ирласны, ирццакны ирҳәар, аҽагагьы ирласны ирҟьалар акәын. Ахапа зҳәоз ахаҿы дгылан, уи иҿыԥшны егьырҭгьы рҽага шырҟьоз еиԥш ашәагьы рҳәон.
Лымкаала аҳәса инарыгӡоз аџьа ашәақәа ируакуп "Алу ашәа" ("Саунау"). Арыцқәа напыла рылагалара знапы алакыз аҳәса ракәын, уи аамҭа рацәаны иагон, аџьабаагьы ацын, уи иаанарԥшуан инарыгӡоз ашәагьы.
Убасҵәҟьа аџьабаа зцыз аҳәса рус иреиуан аласа, ақәны аус рыдулара, арапара. Иаҳҳәап, ауапа аҟаҵаразы аласа аныдрапоз ирҳәоз ашәақәа рвариантк абас еиԥш иҟоуп:
Ҷи, ҷи,
Рапа, рапа,
Хәылдыш бырса, қымфыфыл,
Ҷи, ҷи,
Рапа, рапа,
Шәеицызаза шәеиқәшәаны,
Ахәы рафы,
Рафы, рафы,
Наала-нышәа,
Цәыкәбар лымшәа,
Агәыршыш…
Аӡәы имацара ииҳәоз ашәақәа иреиуоуп: "ауардын ашәа", "ажьҭаара ашәа", "ацәаӷәара ашәа" уҳәа иреиуоу.
Кукушка - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2021
"Ҳцәаӷәап - ҳрашәап, ҳрашәап - ҳцәаӷәап": анхаҩы дызҟаҭәар зылшо аԥсаатәқәа
Аџьа атематика иадҳәалоу аҿаԥыц рҿиамҭақәа ирныԥшуеит асоциалтә мотивқәагьы: ауаа реиҟарамра, ҭауади аамсҭеи анхацәеи реизыҟазаашьа, иара убас иаҳа ихьшәоу аамҭа атәы угозар, аколнхара аамҭа уҳәа ирацәаны. Ауаҩы ибзазара аҽеиҭанакцыԥхьаӡа иҿыцу амотивқәагьы цәырҵуеит. Ҳаамҭазы аџьа атематика злоу рҿиамҭақәа рахьтә реиҳа лассы иуԥыло аашьара аазырԥшуа (иахыччо) алафқәеи ажәаԥҟақәеи роуп. Аџьа ашәақәа асценатә ҟазарахь ииасит уҳәар ҟалоит, урҭ ахьуаҳауа афольклортә ансамбльқәа рықәгыларақәа рҿоуп. Убасҵәҟьа асценаҿы иаарԥшқәоу иреиуоуп акәашарақәагьы – аџьа атематика злоу – "Анхацәа рыкәашара", "Ахьча икәашара" уҳәа иреиуоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0