Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Шоигу: урыстәылатәи аруаа аидыслара ацәаҳәа зегьы аҟны аԥыжәара рымоуп

© Sputnik / Сергей Фадеичев/ POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел расширенное заседание коллегии Минобороны РФ
Президент РФ В. Путин провел расширенное заседание коллегии Минобороны РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа аинырратә цәаҳәа зегьы аҟны аԥыжәара рымоуп ҳәа иҳәеит Сергеи Шоигу Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аколлегиа аилатәараҟны.
Иара иажәақәа рыла, урыстәылатәи ар аибашьратә лшара ҳаракуп, еснагь аӷа ааха ирҭоит, аҽыхьчаратә цәаҳәа аанкылара илдыршом.
Вашингтон иагәҭакуп 61 миллиард доллар киевтәи арежим иазаанашьҭырц, УкрАМ ақәыцҟьаара алмыршахарц азы. Убри аан арҭ аԥарақәа реиҳарак ЕАА ААК аԥаразоужьра иазырхахоит ҳәа иҳәеит Сергеи Шоигу.
Москва, Еиду аштатқәеи урҭ рыдгылаҩцәеи иаԥырҵо ашәарҭарақәа ирышьашәаланы Арратә мчрақәа реилазаареи рыструктуреи аиӷьтәра иаҿуп, еиҳа ирҭаху абџьархки арратә техникеи ҭнажьуеит. Урыстәыла еиҳа-еиҳа алогистикатә центрқәеи мраҭашәаратәи абџьар ашьҭаҵарҭақәеи аахақәа рнаҭоит ҳәа азгәеиҭеит Шоигу.
Ажәабжьқәа зегьы
0