https://sputnik-abkhazia.info/20240424/agaze-asny-105-shysa-akhyra-iazku-atsyrgaa-aatit-aa-1050870273.html
Агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа
Агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа. 24.04.2024, Sputnik Аҧсны
2024-04-24T17:40+0300
2024-04-24T17:40+0300
2024-04-24T17:40+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/18/1050866217_0:83:1589:977_1920x0_80_0_0_376067c168869d6eab6103634b732222.jpg
АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа."Аԥсны" – аԥсышәала раԥхьаӡа акәны иҭыҵыз газеҭуп. Раԥхьатәи аномер ҭыҵит 1919 шықәса жәабран 27 рзы. Ари аҽны Аԥсны иазгәарҭоит Амассатә информациа ахархәагақәа рымш. Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь 1921 шықәса рзы агазеҭ "Аԥсны" ахьӡ "Аԥсны ҟаԥшь" ҳәа еиҭаркит. Уи ус иахьӡын 1991 шықәсанӡа, уи ашьҭахь уи раԥхьатәи ахьӡ аздырхынҳәит.
https://sputnik-abkhazia.info/20240227/rakhaati-aperiodikat-kykh-agaze-asny-105-shysa-akhyit-1050274942.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/18/1050866217_89:0:1501:1059_1920x0_80_0_0_459c709008e8a5836fac708348a93945.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа
АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа.
Ацәыргақәҵаҿы еизгоуп агазеҭ еиуеиԥшым аҭоурыхтә даҟьақәа ирызку аматериалқәа, уи акьыԥхь раԥхьаӡа ианаба инаркны иахьа уажәраанӡа.
"Аԥсны" – аԥсышәала раԥхьаӡа акәны иҭыҵыз газеҭуп. Раԥхьатәи аномер ҭыҵит 1919 шықәса жәабран 27 рзы. Ари аҽны Аԥсны иазгәарҭоит Амассатә информациа ахархәагақәа рымш.
Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь 1921 шықәса рзы агазеҭ "Аԥсны" ахьӡ "Аԥсны ҟаԥшь" ҳәа еиҭаркит. Уи ус иахьӡын 1991 шықәсанӡа, уи ашьҭахь уи раԥхьатәи ахьӡ аздырхынҳәит.