Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Агрԥҳа "Абиблиоҵхы" азы: ашәҟәыԥхьара згәы азҭоу ҳзааиуеит

Агрԥҳа «Абиблиоҵхы» азы: ашәҟәыԥхьара згәы азҭо ҳзааиуеит
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыԥхьара иазку асоциал-культуратә акциа "Абиблиоҵхы" аатуеит Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы мшаԥымза 25 рзы. Сынтәа иара шеиҿкаахо атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит абиблиотека аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Амза Агрԥҳа.
Сынтәатәи акциа "Ҳаицаԥхьап зегьы" ахьӡуп. Иара мҩаԥгахоит асааҭ 18:00 инаркны асааҭ 00:00 рҟынӡа. Аихагылақәа зегьы рҿы тематикала еихшаны еиҿкаахоит аусмҩаԥгатәқәа. Агрԥҳа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит урҭ зызкхо.
"Есышықәса абиблиотека аусзуҩцәа хьаас иҳамоу аҿар ашәҟәыԥхьара агәыблра дыркра, абиблиотека радыԥхьалара ауп. Сынтәатәи акциа Дырмит Гәлиа иубилеи иадҳәалоуп убри аҟынтә, еихагылак аҿы имҩаԥгахо ирҿиареи иԥсҭазаареи иазкуп", - ҳәа лҳәеит Агрԥҳа.
Абиблиотека аиҳабы ихаҭыԥуаҩ лгәаанагарала, акциа азҿлымҳара амоуп. Ауаа анааилак ирзымҩаԥыргоит еиуеиԥшым аекскурсиақәа афондқәа рҟны, иддырбоит ишыҟоу еиуеиԥшым алитература - лассы-лассы иуԥымло, апериодикатә кьыԥхьымҭақәа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0