Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Торчуаԥҳаи Ҳашԥҳаи еиҭарҳәеит русура ирзацу агәыбылра атәы

Анапаҵаҩра
Агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵра инамаданы ажурналистикеи акультуреи рыҿиараҿы рлагалазы гәыԥҩык аусзуҩцәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵан. Арадио Sputnik аефир аҿы Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист ҳәа ахьӡ зыхҵоу Шьарида Торчуаԥҳаи Аԥсны Акультура зҽаԥсазтәыз ҳәа ахьӡ зыхҵоу Хьыбла Ҳашԥҳаи еиҭарҳәеит агазеҭ аҿы аусура ишалагаз, иахьатәи аамҭа иаанаго аҿыцрақәа русураҿы ишаларгало атәы.
Шьаридеи Хьыблеи ҩажәашықәса инацны агазеҭ "Аԥсны" аҿы аус руеит. Арадиоефир аҿы еиҭарҳәеит уахь ишнеиз, аредакциаҿы шықәсы рацәала русура ирзацу агәыбылра атәы.
Арадиостудиа асасцәа алацәажәеит аколлектив аҩнуҵҟа иҟоу аилибаакарақәеи агазеҭ аԥхьаҩцәа ирыдҳәалоу хҭысқәаки.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.
Ажәабжьқәа зегьы
0