00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Актуальный комментарий
Реализация программы по созданию системы единой базы данных
14:46
11 мин
Такие обстоятельства
Поддержка школ Абхазии: проекты "Фирон"
14:57
4 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Зарандиаԥҳа еиҭалҳәеит, атуризм атемала аконференциаҿы ироуз аԥышәа атәы

Зарандиаԥҳа еиҭалҳәеит, атуризм атемала аконференциаҿы ироуз аԥышәа атәы
Анапаҵаҩра
Краснодар ақалақь аҟны имҩаԥысуаз "Атуристтә-рекреациатә комплекс арегионалтә ҿиара асистемаҟны" захьӡу Жәларбжьаратәи аконференциа рҽаладырхәит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиолого-георграфиатә факультет арҵаҩцәеи астудентцәеи. Ари аусмҩаԥгатә еицеиҿыркааит Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университети Аԥсуа ҳәынҭқарратә университети. Иара ахықәкы хадеи, ишьҭыхыз азҵаарақәеи, ас еиԥш иҟоу аусеицура аспециалистцәа ирнаҭо алшарақәеи ртәы арадиоефир аҿы дырзааҭгылоит аконференциа алахәыла, ААУ абиолого-географиатә факультет арҵаҩы Алина Зарандиаԥҳа.
Атуризм атемала ари раԥхьатәи конференциан ААУ арҵаҩцәа злахуз, иара иалахәуп хыԥхьаӡара рацәала аҵарауаа. Уаҟа ирзааҭгылеит аекономика, аекологиа, атуризм арҿиаразы уҳәа ахырхарҭақәа жәпакы.
"Ҳара ҳазлахәыз асектор атуризм иазкын. Абиолого-географиатә факультет адекан, агеографиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Игор Ҵлаииа апленартә еилатәараҿы ажәахә иман. Аконференциа аусура актәи амш аҽны ицаз зегьы ҳтемақәа рыла ҳақәгылеит. Астудентцәа аусмҩаԥгатә иахьалахәыз гәахәарыла ирыдыркылеит, ари дара рзы раԥхьатәи ԥышәаран. Ахәыҷы аудиториа анҭыҵ иибо иаҳа ибзианы идикылоит", - ҳәа азгәалҭеит Зарандиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0