https://sputnik-abkhazia.info/20240430/ashba-asuaaarat-institut-amtsakrazy-amtsartsatsa-iagkhazgy-arytsara-du-alon---1050931314.html
Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт амцакразы: амцарцәаҩцәа агхазҭгьы, арыцҳара ду ҟалон
Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт амцакразы: амцарцәаҩцәа агхазҭгьы, арыцҳара ду ҟалон
Sputnik Аҧсны
Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбраҿы ашьыжь амцакра ҟалеит. Уи ианаамҭаз АҶА аусзуҩцәа идырцәеит. Избада абылра аԥхьа, насгьы амцакра абаҟалеи, абри атәы арадио... 30.04.2024, Sputnik Аҧсны
2024-04-30T19:00+0300
2024-04-30T19:00+0300
2024-04-30T19:53+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/1e/1050931150_0:0:2000:1125_1920x0_80_0_0_530cf0119807ef4731eab567b0c390cb.jpg
Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт амцакразы: амцарцәаҩцәа иагхазгьы, арыцҳара ду ҟалон
Sputnik Аҧсны
Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт амцакразы: амцарцәаҩцәа иагхазгьы, арыцҳара ду ҟалон
10-15 минуҭ иагхазҭгьы амцарцәаҩцәа, арыцҳара ду ҟалон ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәжәараҿы Ашәба."Ашьыжьымҭан аусура иаахьаз алҩа рбеит, иаразнак амцарцәаҩцәа рахь иасит, урҭгьы рацәак иадымхалакәа иааит. Амцакра зыхҟьаз ҳәа макьана акгьы еилкааны иҟам. Уажәы арԥхагақәа аҿаркӡом. Амцакра ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы уаҩытәыҩса днеиӡом. Алашарагьы адыркӡом. Ҟалашьас иамаз ҳәа акгьы сыздырӡом. Ҳахьшәо ашәҟәыԥхьарҭаҿы афымцатә цәаҳәақәа зегьы хыҵәҵәоуп. Иахьыҳаԥсахызгьы аҭыԥ аҿы акәӡам", - ҳәа иҳәеит Ашәба.Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы иажәақәа рыла, афымцатә цәаҳәақәа рыԥсахрақәа рзы аусурақәа ирылагаран иҟоуп, иааны зегь ишәаны-изаны игәарҭахьеит, иахьа уаҵәы ҳарзыԥшуп иҳәеит Ашәба.Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/1e/1050931150_160:0:1937:1333_1920x0_80_0_0_74d3e8a821d9b250ba39814fdf1519e7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт амцакразы: амцарцәаҩцәа агхазҭгьы, арыцҳара ду ҟалон
19:00 30.04.2024 (ирҿыцуп: 19:53 30.04.2024) Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбраҿы ашьыжь амцакра ҟалеит. Уи ианаамҭаз АҶА аусзуҩцәа идырцәеит. Избада абылра аԥхьа, насгьы амцакра абаҟалеи, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
10-15 минуҭ иагхазҭгьы амцарцәаҩцәа, арыцҳара ду ҟалон ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәжәараҿы Ашәба.
"Ашьыжьымҭан аусура иаахьаз алҩа рбеит, иаразнак амцарцәаҩцәа рахь иасит, урҭгьы рацәак иадымхалакәа иааит. Амцакра зыхҟьаз ҳәа макьана акгьы еилкааны иҟам. Уажәы арԥхагақәа аҿаркӡом. Амцакра ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы уаҩытәыҩса днеиӡом. Алашарагьы адыркӡом. Ҟалашьас иамаз ҳәа акгьы сыздырӡом. Ҳахьшәо ашәҟәыԥхьарҭаҿы афымцатә цәаҳәақәа зегьы хыҵәҵәоуп. Иахьыҳаԥсахызгьы аҭыԥ аҿы акәӡам", - ҳәа иҳәеит Ашәба.
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы иажәақәа рыла, афымцатә цәаҳәақәа рыԥсахрақәа рзы аусурақәа ирылагаран иҟоуп, иааны зегь ишәаны-изаны игәарҭахьеит, иахьа уаҵәы ҳарзыԥшуп иҳәеит Ашәба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.