Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа аԥсшьаҩцәа рыдкылара аамҭа аиқәырхаҩцәа шазыҟаҵоу атәы

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа аԥсшьаҩцәа рыдкылара аамҭа аиқәырхаҩцәа шазыҟаҵоу атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсшьаҩцәа рыдкылара аамҭа рышҽазыҟарҵо, асасааирҭақәа рҟны абылрацәыхьчараз агәаҭарақәа шымҩаԥысуа, аиқәырхаҩцәа рыла иахьынӡеиқәшәоу араион ахадарақәеи амшын аҟәара қьырала изгои, акадрқәа рганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу аминистрраҟны, араионтә ҟәшақәа рҟны русура шеиҿкаау, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.
Иара иазгәеиҭеит, иахьазы иҟоу ауалафахәы иахҟьаны аҟәарақәа рыҟны аиқәырхаҩцәа рыла реиқәыршәаразы азҵаара ауадаҩрақәа шацу, аҟазацәа аусура анеира ишзҿлымҳам.
"Иааугозар Аҟәа ақалақь, уи ахадагьы ашәҟәы ҳзынаишьҭит ари азҵааразы ҳрыцхраарц, аха иҳалшо маҷуп, ҳара иҳамоу аҟазацәа аарла ҳаихьибагӡоит", - иҳәеит Кәыҵниа.
Аминистр иазгәеиҭеит аԥхын аамҭазы араҟа зыԥсшьара зхызго рхымҩаԥгашьазы агәҽанызаара шрыҭалатәу, иаҳа ахылаԥшра шырҭаху ршәарҭадарзы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0