Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи амедусзуҩцәа Аԥсныҟа иаауеит рколлегацәа ирыцхраац

© Sputnik / Павел ЛьвовВедение беременных
Ведение беременных - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik. Урыстәылатәи амедусзуҩцәа лаҵарамза анҵәамҭаз Аԥсныҟа иаауеит аԥхынтәи аԥсшьара аамҭаз рколлегацәа ирыцхраац.
Араионқәеи ақалақьқәеи рмедусбарҭақәа рҳақьым хадацәа алархәны Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аилацәажәара мҩаԥигеит акурорт аамҭа иахьынӡазхиоу иазкны.
Аҳақьым хадацәа ирҳәеит амедусбарҭақәа рҭагылазаашьа, хәшәла реиқәшәазаара, ирымоу ауадаҩрақәа ртәы.
Аԥхын акадрқәа разымхара азҵаара ӡбышьас иамоу, иааиԥмырҟьаӡакәан акдрқәа реиҭныԥсахлара ауп.
Иааиуа амчыбжь азы аминистр дырҭаараны дыҟоуп Гагра, Гәдоуҭа, Пицунда иара убас Аҟәа амедусбарҭақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0