Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҵәыуабжьуп, ӷызбжьуп: аԥсуаа рыхҵәара иазку жәлар рҳәамҭақәак

© Foto / Батал ДжапуаРисунок посвященный Махаджирству
Рисунок посвященный Махаджирству  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2024
Анапаҵаҩра
Кавказ ажәларқәа ирхырхгаз ахҵәара - амҳаџьырра иазку ажәлар рҿаԥыцтә гәалашәараҿы иаанхаз адыррақәак ирызкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа.
Азеижәтәи ашәышықәсанӡа аиҳарак аԥсуаа (иара иааидкыланы кавказаа) рҭоурых, ретнографиа, рбызшәа иазкны адыррақәа анызҵоз анҭыҵтәи аныҟәаҩцәа, аҭҵааҩцәа ракәын. Убри аҟынтә урҭ иҳарҭо адыррақәа ахьынӡанагӡоу, иахьынӡаиашоу аилкааразы "бжьынтә ишәаны знык ихуҵәароуп". Убасҵәҟьоуп ишыҟоу аҭагылазаашьа уҳәар ауеит Кавказ ажәларқәа ирхырхгаз ахҵәара иазку аҭоурых аҿгьы (Анцәа иџьшьаны уи атәы зҳәаша арҭ амилаҭқәа ирҭынхаз аҵарауаа шыҟоугьы). Иҳәамкәа, иӡыргамкәа иаанхо афактқәа маҷым еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны. Аха ажәлар рҿаԥыцтә гәалашәараҿы иаанхо адыррақәа рацәоуп, урҭ агәалашәарақәа, жәлар рҳәамҭақәа ирныԥшуеит ҳара ҳҭоурыхгьы.
Аԥсуа фольклор аҿы амҳаџьырра иазку ажәлар рҳәамҭақәа хазы иалкаау аҭыԥ ааныркылоит. Ҳҭоурых аҿы ихырҵәаганы, ихлымӡаахны, ишьаарҵәыраханы иҟалаз ари ахҭыс "адау ижырҭа" иаҩызахеит, зҭыԥ ҭацәхаз, еснагь ашьа зҿыҵуа хәраны.
Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа ишырҳәо ала, амҳаџьырра хәынтә иҟалеит, реиҳа ихырҵәагахаз аҵыхәтәантәи 1877-1878-тәи ашықәсқәа рзтәи акәхеит. Усҟантәи аҭырқәа сулҭани аурыс ҳәынҭқари шәышықәса инарзынаԥшуа имҩаԥыргоз аибашьра иалҵшәахеит ари атрагедиа. Кавказ ажәларқәа рымпыҵархаларазы акырынтә аҽԥышәарақәа ҟаҵан, аха кавказаа ирылан аҵарауаа-аныҟәаҩцәа еилкаашьа зызрымҭоз акы. "Ҵара змам, алашьцара иалоу" ҳәа ззырҳәоз амилаҭқәа рхатә ҳәынҭқарра шьақәдыргылаанӡагьы ахеиқәырхашьа иақәшәон, рҿаԥҽра мариамызт, аԥсра еиӷьаршьон тәыс иҟарҵар аҵкыс. Абри аҟазшьа рныԥшуеит амҳаџьырра иазку аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа. Аԥсуаа ргәы рҭынчны изалацәажәом ари ахлымӡаах. Иахьагьы иҟоуп аԥсуаа амшын ԥсыӡ зымфо "ҳабацәа ржьы зфаз" ҳәа. Дали Ҵабали анҭадырцәуаз урҭ рлақәаҵәҟьа ирыхьҵәуо ишрышьҭаз иԥсит, руубжьы аԥсҭақәа ирхыҵәон, "ацыгәқәа еибаркьыууа ақьаԥҭақәа ирыххалеит" рҳәоит.
Амҳаџьырра иазку аԥсуа жәлар рпоезиеи рҳәамҭақәеи ҵәыуабжьуп, ӷызбжьуп. Ус шакәугьы, араҟа иуԥылоит ажәлар рыԥсадгьыл иахыганы ргара иаҿагылоз афырхацәа ирыхҳәаау ашәақәагьы. Ус иҟаз дреиуан Хабыр-иԥа Кац. Иара ижәлар ахыганы изгоз дрыхьӡаны ԥыҭҩык рхы иақәиҭитәит, ақәылаҩцәа маҷҩымкәа инирҵәеит, иаргьы дызгашаз ахы иаахеит. Ус иҟаз афырхацәа ирыбзоураны зыдгьыл аҿы иаанхаз аԥсуаа рыла еиқәхеит амилаҭ. Аха иҟан змилаҭ зҭиуазгьы, уи атәы ккаӡа иааԥшуеит "Уазбақь иашәа" аҿы. Араҟа иубоит ҭауади-аамсҭеи рхәымгара, реибаҭира. "Уазбақь иашәа" ианыԥшуеит 1866 шықәсазы Лыхнашҭаҿы иҟаз ахҭысқәа. Ачарҳәаҩ Уазбақь иажәақәа ирыхҟьаны аизараҿы аурыс еинрал ишьра, уи иахырҟьаны уаҳа нхашьа рымамкәангьы ахырҵәара.
Аӷбақәа ирҭартәаны иргоз ажәлар ргәаҟрақәа ирызкуп ажәлар ргәаҟ ашәақәа маҷымкәа. Урҭ ирныԥшуеит ауаа зҭагылаз аџьамыӷәа цәгьа, амлакреи ачымазарақәеи иннарҵәаз асабицәеи анацәеи, амшын иарҭоз аԥсцәеи, ианыӡхыргагьы аарҩара иақәшәаз ауааԥсыра. Аха убасҟангьы аԥсуаа ирылан ааӡага жәабжьқәа разҳәоз, алабжьара ҟазҵоз аиҳабацәа: "Аԥсра зегьы иреицәаӡам, аԥсрагьы насыԥк ацуп ԥыҭк иааучҳар…" ҳәа. "Аԥсуа дырблыцыԥхьаӡа шьаҭамырӡгак дизишоит, аҭырас даҩызоуп" ҳәагьы рҳәон ҽа џьоукы. "Амҳаџьыр дангәаҟ аҭырас иахикааит иан лгәыԥҳәыхш" ҳәагьы аԥсуаа ражәа иалоуп.
Зыҩнқәа ааныжьны ицоз аԥсуаа иргоз рнышәнапқәа, рыхнышьнақәа, реиҳа изыхӡыӡаауаз ратрибутқәа ирызкуп еиуеиԥшым анҵамҭақәагьы. Убас урҭ иргоз иреиуан аҭырасгьы. Аҭырас рхьаақәа хнаҽып ҳәа мацара акәмызт изыргоз, "аҭырас, дад, рбызшәа иадыркылон асаӡқәа, иахаҵгылон. Адоуҳатә мчы иаҵаԥшуан" рҳәоит.
Амҳаџьырра аԥсуаа рҟәыҵәак ықәызхыз акәны иҟалеит. Егьа ус акәзаргьы иҟоуп адоуҳатә мчы аҭырас еиԥш ҳарблыцыԥхьаӡа ҿыцны ииуа!
Празднование дня Победы в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2023
Аԥсны
Ажәлар рышьаҭамырӡга рбызшәеи рҵарадырреи ауп
Ажәабжьқәа зегьы
0