https://sputnik-abkhazia.info/20231002/azhlar-ryshaamyrga-rbyzshei-raradyrrei-aup-1048414080.html
Ажәлар рышьаҭамырӡга рбызшәеи рҵарадырреи ауп
Ажәлар рышьаҭамырӡга рбызшәеи рҵарадырреи ауп
Sputnik Аҧсны
Ҳара жәларыкны ҳҟазҵо ҳабызшәа ҳахьынԥашалан иаҳкызароуп. Уи аԥсҭазаараҿы аларҵәара аиуртә иҟаларц азы ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарра идеологиас ишьҭнахроуп. Абызшәа... 02.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-02T18:00+0300
2023-10-02T18:00+0300
2023-10-02T18:00+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/1e/1041835908_0:115:1512:966_1920x0_80_0_0_66a057db9573d1d8fa24b171b7d06eeb.jpg
Аамҭа аӡеибафараҿы бџьаршьҭыхла ахыхьчара еиҳамзар еиҵам ахатәы бызшәа ахьчара. Аԥсуа ихаҿра мырӡкәа ашәышықәсақәа, азқьышықәсақәа иргәылганы иаазго, иара иԥсы ахьҭоу, иԥсы зыҿҳәароу ибызшәаҿоуп. Ҳаамҭазтәи Аџьынџьтәылатә еибашьрагьы ҵакыс иамаз убри ҳхаҿра ахьчароуп, аиқәырхароуп. Абызшәа анҿыцәаа аԥсуа ихәшҭаарагьы ҿыцәаауеит (шәышьханхыҵ акәхааит!). Амҳаџьырра ашықәсқәа раан атәым тәылахь ихҵәахаз аԥсуаа мырӡкәа еибаркны иахьанӡагьы иаазгаз аԥсуа бызшәа ауп, хатәы бызшәада урҭ егьараан атәым милаҭ ирылаӡҩахьазаарын.Аҭҵаарақәа имҩаԥгоу ишырҳәо ала, аԥсуаа аҩбатәи азқьышықәса ҳара ҳера ҟалаанӡагьы ирыман аҩыратә традициа. Аха уи аҩыра аамҭақәа иргәылсны иахьанӡа иааӡартә изыҟамлеит. Иазгәаҭатәуп, иахьатәи ҳҩыра ҟалаанӡагьы, аԥсуаа рыҩнуҵҟа ишыҟаз аҵарадырра змаз, аха урҭ рхатәы бызшәала цәаҳәакгьы ҩны ирзынмыжьит. Англыз ҵарауаҩ Едуард Теилор ҵабыргны иҩуан: "Алфавит ҩыра аԥҵара убриаҟара идуӡӡаз ашьаҿа ҟаҵан, ауаҩытәыҩса аварварра аҟынтәи ацивилизациахь дкылнагартә еиԥш". Ажәлар збызшәеи зҩыратә культуреи иреиҳау шыҟам заа еилызкааз роуп зхатә ҳәынҭқаррагьы аԥҵара зылшаз, зышьаҭа амырӡра алзыршаз.Аԥсҭазаара амахәҭа ҿыцқәа ахылҿиаауеит, аҭоурыхтә аамҭақәа рҽеиҭнырыԥсахлоит, ицәырыргоит иҿыцу аԥҟарақәа. Ҳара ҳҭоурых азин ҳнаҭом, Анцәагьы иҳанаижьуам ари аамҭа агәылаӡра. Аҳәынҭқарра злаӷәӷәоу ауаажәлар рыхдырралоуп. Ахдырра ҟазҵо аҵароуп. Аҵара змоу хымԥада еиликаауеит хатәы бызшәада иԥсадгьыл дышзықәымӷьацо. Абри инамаданы, иџьашьатәӡам, Аԥсны иқәынхо атәым милаҭ аԥсуа бызшәа аҵара иахьазыҳаҵҳаҵо, иара убасҟан аԥсуаа "ҳбызшәа аҵара ҳахьӡоит" ҳәа игәыгәҭажьны, атәым бызшәа аԥыжәара анарҭо. Ари аҩыза ахәыцра шьақәзыргыло арбану, амдырра акәымзар…Ҳара жәларыкны ҳҟазҵо ҳабызшәа ҳахьынԥашалан иаҳкызароуп. Уи аԥсҭазаараҿы аларҵәара аиуртә иҟаларц азы ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарра идеологиас ишьҭнахроуп. Иааҳакәыршан, Егры инаркны Ԥсоунӡа иану аҩырақәа, аӡыргарақәа инадыркны, зегьы аҳәынҭқарратә бызшәа азакәан инақәыршәаны иҟалартә. Уи азыҳәан досу иҭыҧаҿы, қәнагала аус иур, азеиԥш усгьы алҵшәа аиуеит. Зны шықәсык Шьалуа Инал-иԥа ашықәс ҿыц аламҭалазтәи иинтервиуқәа руак аҿы иааиуа ашықәс азы азыӡырҩцәа ирзеиӷьашәшьозеи ҳәа ианиазҵаа, аҭак ҟаиҵеит абас:"Иааиуа ашықәс азгьы, егьырҭ ашықәсқәа раангьы, исҭахыуп дарбанзаалакгьы иуаҩытәыҩсоу, уи дахьыҟазаалак, дызхагылазаалак, инап ианҵазаалак аус аҟны акгьы агмыжькәа, иахәҭоу ҟаиҵаларц…" - ҳәа.Ҳара аамҭа иаҳнаҭо алшарақәа ҳхы иаҳархәозароуп ҳдыррақәа реизырҳареи ҳбызшәа ахьчареи рзы. Ари ҳаамҭазтәи қәԥароуп, зҽызыԥсахуа адунеи аҿы ахеиқәырхаразы.
https://sputnik-abkhazia.info/20220327/akhaty-byzsha-khykhchagoup-atym-byzsha-charara-uznaur-anaua-1038221670.html
https://sputnik-abkhazia.info/20181126/Lili-aga-abyzsha-asy-oup--akharkhara-anamou--mamzar-iaangyloit-1025759163.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/1e/1041835908_36:0:1476:1080_1920x0_80_0_0_d5ff49523918924439aca5581d57ab8b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, жәлар рдоуҳа
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, жәлар рдоуҳа
Ажәлар рышьаҭамырӡга рбызшәеи рҵарадырреи ауп
Есма Ҭодуаԥҳа
НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ
Ҳара жәларыкны ҳҟазҵо ҳабызшәа ҳахьынԥашалан иаҳкызароуп. Уи аԥсҭазаараҿы аларҵәара аиуртә иҟаларц азы ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарра идеологиас ишьҭнахроуп. Абызшәа агәцаракра атәы ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аамҭа аӡеибафараҿы бџьаршьҭыхла ахыхьчара еиҳамзар еиҵам ахатәы бызшәа ахьчара. Аԥсуа ихаҿра мырӡкәа ашәышықәсақәа, азқьышықәсақәа иргәылганы иаазго, иара иԥсы ахьҭоу, иԥсы зыҿҳәароу ибызшәаҿоуп. Ҳаамҭазтәи Аџьынџьтәылатә еибашьрагьы ҵакыс иамаз убри ҳхаҿра ахьчароуп, аиқәырхароуп. Абызшәа анҿыцәаа аԥсуа ихәшҭаарагьы ҿыцәаауеит (шәышьханхыҵ акәхааит!). Амҳаџьырра ашықәсқәа раан атәым тәылахь ихҵәахаз аԥсуаа мырӡкәа еибаркны иахьанӡагьы иаазгаз аԥсуа бызшәа ауп, хатәы бызшәада урҭ егьараан атәым милаҭ ирылаӡҩахьазаарын.
Аҭҵаарақәа имҩаԥгоу ишырҳәо ала, аԥсуаа аҩбатәи азқьышықәса ҳара ҳера ҟалаанӡагьы ирыман аҩыратә традициа. Аха уи аҩыра аамҭақәа иргәылсны иахьанӡа иааӡартә изыҟамлеит. Иазгәаҭатәуп, иахьатәи ҳҩыра ҟалаанӡагьы, аԥсуаа рыҩнуҵҟа ишыҟаз аҵарадырра змаз, аха урҭ рхатәы бызшәала цәаҳәакгьы ҩны ирзынмыжьит. Англыз ҵарауаҩ Едуард Теилор ҵабыргны иҩуан: "Алфавит ҩыра аԥҵара убриаҟара идуӡӡаз ашьаҿа ҟаҵан, ауаҩытәыҩса аварварра аҟынтәи ацивилизациахь дкылнагартә еиԥш". Ажәлар збызшәеи зҩыратә культуреи иреиҳау шыҟам заа еилызкааз роуп зхатә ҳәынҭқаррагьы аԥҵара зылшаз, зышьаҭа амырӡра алзыршаз.
Аԥсҭазаара амахәҭа ҿыцқәа ахылҿиаауеит, аҭоурыхтә аамҭақәа рҽеиҭнырыԥсахлоит, ицәырыргоит иҿыцу аԥҟарақәа. Ҳара ҳҭоурых азин ҳнаҭом, Анцәагьы иҳанаижьуам ари аамҭа агәылаӡра. Аҳәынҭқарра злаӷәӷәоу ауаажәлар рыхдырралоуп. Ахдырра ҟазҵо аҵароуп. Аҵара змоу хымԥада еиликаауеит хатәы бызшәада иԥсадгьыл дышзықәымӷьацо. Абри инамаданы, иџьашьатәӡам, Аԥсны иқәынхо атәым милаҭ аԥсуа бызшәа аҵара иахьазыҳаҵҳаҵо, иара убасҟан аԥсуаа "ҳбызшәа аҵара ҳахьӡоит" ҳәа игәыгәҭажьны, атәым бызшәа аԥыжәара анарҭо. Ари аҩыза ахәыцра шьақәзыргыло арбану, амдырра акәымзар…
Ҳара жәларыкны ҳҟазҵо ҳабызшәа ҳахьынԥашалан иаҳкызароуп. Уи аԥсҭазаараҿы аларҵәара аиуртә иҟаларц азы ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарра идеологиас ишьҭнахроуп. Иааҳакәыршан, Егры инаркны Ԥсоунӡа иану аҩырақәа, аӡыргарақәа инадыркны, зегьы аҳәынҭқарратә бызшәа азакәан инақәыршәаны иҟалартә. Уи азыҳәан досу иҭыҧаҿы, қәнагала аус иур, азеиԥш усгьы алҵшәа аиуеит. Зны шықәсык Шьалуа Инал-иԥа ашықәс ҿыц аламҭалазтәи иинтервиуқәа руак аҿы иааиуа ашықәс азы азыӡырҩцәа ирзеиӷьашәшьозеи ҳәа ианиазҵаа, аҭак ҟаиҵеит абас:
"Иааиуа ашықәс азгьы, егьырҭ ашықәсқәа раангьы, исҭахыуп дарбанзаалакгьы иуаҩытәыҩсоу, уи дахьыҟазаалак, дызхагылазаалак, инап ианҵазаалак аус аҟны акгьы агмыжькәа, иахәҭоу ҟаиҵаларц…" - ҳәа.
Ҳара аамҭа иаҳнаҭо алшарақәа ҳхы иаҳархәозароуп ҳдыррақәа реизырҳареи ҳбызшәа ахьчареи рзы. Ари ҳаамҭазтәи қәԥароуп, зҽызыԥсахуа адунеи аҿы ахеиқәырхаразы.