https://sputnik-abkhazia.info/20240522/abziaraz-ashkol-asny-aykhtanti-aabzhy-1051160468.html
"Абзиараз, ашкол!": Аԥсны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы
"Абзиараз, ашкол!": Аԥсны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы
Sputnik Аҧсны
Лаҵара 22 рзы Аԥснытәи ашколқәа 153 рҟны игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. 22.05.2024, Sputnik Аҧсны
2024-05-22T13:30+0300
2024-05-22T13:30+0300
2024-05-23T11:54+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/05/16/1051147105_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_82273ab58102d8dcc55c84cb09b2ef09.jpg
2024 шықәсазы Аԥсны ашколқәа ирылгаз 1900-ҩык аушьҭымҭацәа рҟынтәи 12-ҩык ахьтәи араӡынтәи медалқәа ранашьахараны иҟоуп. Традициа ҳасабла аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аныҳәатә ҟазшьа амоуп. Иара заанаҵы рҽазыҟарҵоит, иаздырхиоит ажәахәқәа, акәашарақәа, ашәақәа, ақәгыларақәа, уи аҽны ашколқәа рашҭақәа ччабжьыла иҭәуп, иҟоуп алабжышқәагьы. Аушьҭымҭацәа рцәаныррақәа - Sputnik афотолентаҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/05/16/1051147105_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_824363deaf8d024c9701ff4cf4d3fd79.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, аԥсны, ажәабжьқәа, фото
афотосахьақәа, аԥсны, ажәабжьқәа, фото
"Абзиараз, ашкол!": Аԥсны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы
13:30 22.05.2024 (ирҿыцуп: 11:54 23.05.2024) Лаҵара 22 рзы Аԥснытәи ашколқәа 153 рҟны игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.
2024 шықәсазы Аԥсны ашколқәа ирылгаз 1900-ҩык аушьҭымҭацәа рҟынтәи 12-ҩык ахьтәи араӡынтәи медалқәа ранашьахараны иҟоуп.
Традициа ҳасабла аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аныҳәатә ҟазшьа амоуп. Иара заанаҵы рҽазыҟарҵоит, иаздырхиоит ажәахәқәа, акәашарақәа, ашәақәа, ақәгыларақәа, уи аҽны ашколқәа рашҭақәа ччабжьыла иҭәуп, иҟоуп алабжышқәагьы.
Аушьҭымҭацәа рцәаныррақәа - Sputnik афотолентаҿы.

Лаҵара 22 рзы Аԥсны ашколқәа рҿы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.

Сынтәа ашколқәа ирылгеит 1900–ҩык, ииасыз ашықәс азы урҭ 1777-ҩык ыҟан.

Аушьҭымҭацәа рыԥсахуеит актәи акласс хзыркәшо, реиҳабацәа ирыдныҳәало ахәыҷқәа.

Аҵыхәтәантәи аҵәҵәа асра знапы ианугьы алхын.

Ашкол аҟны аҵыхәтәантәи рымш аушьҭымҭацәа ныҳәаҳасабла иазгәарҭеит.

Ҳәарада, аҭыԥ рыман алабжышқәагьы.

Иҟан иԥшӡаз амилаҭ кәашарақәа...

Актәи акласс ахь ицо ахәыҷқәа аччаԥшь рҿықәуп. Аԥхынра зегьы аҩныҟатәи адҵақәа рыҟаҵареи ажәеинраалақәа рҵареи аҭахны иҟаӡам.

Иԥшӡаӡа иҟоу ақәыԥшцәа ирзыԥшуп раԥхьаҟа адырра ҿыцқәа, аҩызцәа ҿыццқәа, аԥсҭазаара лаша.

Аушьҭымҭацәа, рышкол абзиараз ҳәа арҳәоит

1900-ҩык аушьҭымҭацәа рҟынтәи 12-ҩык амедалқәа роураны иҟоуп.