Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: асахьаҭыхҩы, аскульптор Витали Џьниа

Еицырдыруа ахьыӡқәа: асахьаҭыхҩы, аскульптор Витали Џьниа
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхыҩ, аскульптор, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы, Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьниа иахьа иирамшуп, ихыҵит 75 шықәса. Асахьаҭыхҩы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ирҿиара хыҵхырҭас иамоу, ишықәсқәа дшырзыҟоу, аҭырқәа шәҟәыҩҩы ибаҟа шаԥиҵаз, иахьа аус здиуло аусумҭақәа, асахьаҭыхҩы разҟыс имоу атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Витали Виктор-иԥа Џьниа диит лаҵара 25, 1949 шықәсазы Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан. 1974 шықәсазы диплом ҟаԥшьыла далгеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, 1981 шықәсазы далгеит Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа.
Витали Џьниа ганрацәала абаҩхатәра злоу сахьаҭыхҩуп, иара қәҿиарала аус рыдиулоит амонументалтә , ауасҭагатә скульптура еиԥш апластика маҷгьы.
Амонументалтә ҟазараҟны иусумҭақәа иреиуоуп: Адаԥазар игылоу аҭырқәа шәҟәыҩҩы Саид Фаиук ибаҟа; Дәрыԥшь игылоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку абаҟа; Аибашьра Ду иазку абарельефқәа Аҭара ақыҭан, Аԥсуа драматә театр ахыбра аҿаԥхьа иҟоу атеатр аусзуҩцәа рбиусҭқәа ԥшьба.
Витали Џьниа хыԥхьаӡара рацәала жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа ихы рылаирхәхьеит: Германиа, Италиа, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла. Иусумҭақәа ҵәахуп Маиҟәаԥ иҟоу Мрагылара аҟазара ахәынҭқарратә музеи аҿы, ахатә коллекциақәа иааигәоуи инахароуи аҳәынҭқаррақәа рҿы.
Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы ҳәа ахьӡ ҳаракы ианашьан 2019 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0