Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭаркьыл Ашколхәыҷқәа рреспубликатә спартакиада иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭаркьыл Ареспубликатә ашколхәыҷқәа рыспартакиада иазкны
Анапаҵаҩра
Ашколхәыҷқәа рреспубликатә спартакиада иазкны сынтәа ишеиҿкаау, уи шаҟаҩы алахәу, абҩарҵәыра аганахьала ашколқәа рҟны иҟоу ауадаҩрақәа ртәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны аҵара аминистрра абҩарҵәыреи аспорти рыҟәша аиҳабы Аслан Ҭаркьыл.
Аԥсны имҩаԥысуеит ХVII Ашколхәыҷқәа рреспубликатә спартакиада 14 спорт хкы рыла. Уи аартра мҩаԥган лаҵара 26 рзы Аҟәа Ареспубликатә стадион аҿы, имҩаԥыслоит рашәара 21-нӡа.
Аспартакиада апрограммаҟны иҟоуп аспорт хкқәа: атлетика лас, астолтә ԥкьаҭмпыл, ашахмат асра, абокс, аӡиудо, зхы иақәиҭу аиқәԥара, самбо, ашьапылампыл, атлетика хьанҭа, амҵәышәмпыл, ашьапылампыл маҷ, ахыци ахәымпали рыла ахысра, анапылампыл, аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рыла аицлабра.
Аспартакиада иалахәуп 900-ҩык инареиҳаны 9-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа. Иахьазы ҩ-спорт хкык рыла аиндаҭларақәа мҩаԥгоуп, урҭ реихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ аҿы иҟоуп – Аҟәа ақалақь еизгоу акоманда, аҩбатәи – Гаграа, ахԥатәи – Гәдоуҭаа иҳәеит Аԥсны аҵара аминистрра абҩарҵәыреи аспорти рыҟәша аиҳабы Аслан Ҭаркьыл.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0