Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҟәысба Сҭамԥыл "Ацынҵәарах" ақәыргыларазы: даара иус дууп

Аҟәысба Сҭамԥыл "Ацынҵәарах" ақәыргыларазы: даара иус дууп
Анапаҵаҩра
Сҭампыл иддырбеит Баграт Шьынқәба ироман иалхыз ақәыргыламҭа "Ацынҵәарах". Уи 100- ҩык инарзынаԥшуа ҳџьынџьуаа алахәын. Ахәаԥшцәа ақәыргыламҭа шрыдыркылаз, адиаспора ахаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ргәыбылра аизырҳаразы ас еиԥш аҳҭыс аҵакы, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахеилак иалахәу Аҭанур Аҟәысба.
Иара ицәажәараҿы иҳәеит ақәыргыламҭа агәахәа рнаҭеит, даара иԥшӡан, ибзиан ҳәа.
"Ара иҟоу ҳауаажәлар акыршықәса ас еиҿкаау, акультура иадҳәалоу спектакльк имахәыԥшӡацызт. Иҳамбаӡацызт, аиаша уҳәозар. Уи даҽакала гәаанагарак, ԥшышьак ҳанаҭеит. Ҳабдуцәа, ҳажәлар ажәытә ирхыргахьоу аџьабаақәа ҳгәаланаршәеит. Даара иԥшӡан, даара иаҳгәаԥхеит. Зегьы инеиз иархәыцуа ицеит… Ауаа ргәы ԥшааит, зылаӷырӡ аанагаз ҟалеит. Аспектакль иалахәыз ҳауаажәлар аӡәгьы атеатр иадҳәалаӡам. Убарҭ ргәыблырала аума, ишыҟоу шәазхәыц, апрофессионалцәа ирзааигәаны иқәгылеит. Убри иаҳа уамашәа иаҳбеит, избанзар ҳҩызцәа, ҳашьцәа, ҳхәыҷқәа роуп уа иқәгылақәаз. Даара иуадаҩын ас еиԥш акы еиҿкааны ақәыргылара. Уи аганахьала Мадина Аргәынԥҳа ара аус ду мҩаԥылгеит сҳәар, имцхаӡом. Даара иус дууп ", - иҳәеит Аҟәысба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Сҭампыл "Ацынҵәарах" ҭырқәшәала иқәлыргылеит Аԥсуа драматә театр арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа, аспектакль ахореограф- Ерик Ҭырқьба, амузыка автор - Ҭемыр Агрба. Ақәыргыламҭаҟны акәашарақәа нарыгӡон Ҭырқәтәыла еиҿкаау ансамбльқәа "Ахақәиҭра", "Нарҭ" алахәцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0