Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҳаразиа аԥсуа диаспора ахәыҷқәа рзы апроектқәа ртәы

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҳаразиа аԥсуа диаспора ахәыҷқәа рзы апроектқәа ртәы
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ҳхылҵшьҭра еиуоу ахәыҷқәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл рырдырра иадҳәалоу апроект "Ахьышьҭра" сынтәа ишеиҿкаахо, уи анаҩсгьы аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа ирыдҳәалоу апроект ҭагалан ишымҩаԥгахо атәы.
Аԥсадгьыль ахь ахынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ԥхынгәы 27 инаркны нанҳәа 5-нӡа сынтәа еиҿнакаауеит апроект "Ахьышьҭра". Уи хықәкы хадас иамоуп Ҭырқәтәылантә, Иорданиантә, Ливанынтә, иара убас Нхыҵ - Кавказынтә иааз ҳхылҵшьҭрақәа иреиуоу ахәыҷқәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл рырдырра, аҭыԥшӡарақәа рҭаара, илахҿыхны Аԥсны аԥсшьара рзеиҿкаара, ианыҩеидаслак рабдуцәа рџьынџь иазыхынҳәраз гәыбылрак, ԥхаррак рыҭара.
"Ҳапланқәа инарықәыршәаны сынтәа ԥхынгәи нанҳәеи амзақәа рзы 80- ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа ҟалоит. Иорданиантә -13 ҩык, Ливанынтә -18 ҩык ҳарзыԥшуп, Ҭырқәтәылантә-35 ҩык, Нхыҵ Кавказынтә - 24 ҩык ахәыҷқәа ҳарзыԥшуп. Ҵыԥх ачымазара ҳԥырхагахеит. Абарҭқәа зегьы ишәаны-изаны ҳҽазыҟаҳҵоит. Ԥхынгәы 27 рзы иааҳартуеит аԥхынтәи алагер, иаҳаркуеит нанҳәа 5 рзы", - иҳәеит Ҳаразиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0