Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чхамалиа ишәҟә ҿыц "Бла ҵарыла" азы: акыр шықәса анаҩсгьы ауаҩы акы ианаҳәароуп

Чхамалиа ишәҟә ҿыц "Бла ҵарыла" азы: акыр шықәса анаҩсгьы ауаҩы акы ианаҳәароуп
Анапаҵаҩра
Апоет, ажурналист, апублицист Алхас Чхамалиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ишәҟә ҿыц иагәылалаз анҵамҭақәа ртәы, уи аҭыжьразы ахшыҩҵак шизцәырҵыз.
Аԥсны аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭаҟны иҭыҵит апоет, ажурналист Алхас Чхамалиа ишәҟәы "Бла ҵарыла". Уи еиднакылоит автор аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еиуеиԥшым апериодикатә кьыԥхьымҭақәа рҟны иҭижьхьаз аилкаанҵақәа, астатиақәа, аиҿцәажәарақәа.
Ашәҟәы аԥхьажәа аниҵеит алитератураҭҵааҩы, акритик, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, ААУ апрофессор Руслан Қапба, аредактор - Марина Тәанԥҳа, асахьаҭыхҩы - Руслан Габлиа, акорректор - Нанули Шьамаҭаа, акомпиутер аҿы даҟьала аиҟәшара - Инна Џьопуа.
"Бла ҵарыла" Алхас Чхамалиа афбатәи ишәҟәы ауп. Уи аԥхьа иҭыҵхьан иажәеинраалақәа реизгақәа 4, апублицистикатә ҭыжьымҭаки.
"Ашәҟәы анҭужьо нас, иаанхоит. Акыр шықәса анцалакгьы аӡә иаашьҭыхны днахәаԥшыр, акы ианаҳәартә иҟазароуп. Иарбанзаалак нҵамҭоума, аиҿцәажәароума, сара стәала ауаҩы акы иазҳәаша акәны аҟаҵара сашьҭан", - ҳәа азгәеиҭеит Чхамалиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0