Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҭаниаԥҳа еиҭалҳәеит аҵиаа хкы ҿыц Риҵатәи аҳәырԥсарраҟны ишырԥшааз атәы

Ҭаниаԥҳа еиҭалҳәеит аҵиаа хкы ҿыц Риҵатәи аҳәырԥсарраҟны ишырԥшааз атәы
Анапаҵаҩра
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҵакыраҿы иԥшаауп аҵиаа ҿыц "иатрышник шпитцелиа". Уи анаукатә усзуҩцәа Ачибах имҩаԥыргаз аекспедициа иалҵшәахеит. Аҳаракыраҿы иҟоу, анаӡара ахьыуадаҩу апарк ахәҭақәа рҟны ас еиԥш аҭҵаарақәа рымҩаԥгара аҵакы, уи иацу ауадаҩрақәеи, ахарџьи, ауаҩытәыҩсатә ресурс азымхареи атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҭҵаарадырра аҟәша аиҳабы Инга Ҭаниаԥҳа.
"Аиашазы, аекспедициа иманшәаланы имҩаԥысит ҳәа ԥхьаӡоуп, иаҳԥшааз аҵиаа Аԥсны асиаҟны иарбаӡымызт. Убри даара гәахәала иҳадаҳкылеит, аекспедициа ҳгәы иҭеижьҭеи акырҵуан. Еизаҳгаз аматериал макьана аҵыхәтәанынӡа иҭҵаам, ҳақәгәыӷуеит иаҳа инарҭбааны аинформациа ҳауп ҳәа. Ачибах ашьха -Риҵа ареликттә амилаҭҭә парк аҿы иҟоу, Кәыџба иашҭа абнахылаԥшра иаҵанакуеит, аинтерес змоу аҳаш хаҳәла ишьақәгылоу ауп, аҵиаақәагьы уа иҟоу азҿлымҳара зуҭаша роуп", - лҳәеит Ҭаниаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0