Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: БРИКС ахәмаррақәа, абжьаҟазаратә мчқәа 30 шықәса рхыҵит, аҳәааҟны ахысра

© SputnikГерман Арджения
Герман Арджения - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит рашәара 17-23 рзы Аԥсны аҭыԥ змаз ахҭыс хадақәа рыхҳәаа.
Аԥсны БРИКС ахәмаррақәа рыҟны 13-тәи аҭыԥ аанакылеит, ареспубликаҟны иазгәарҭеит абжьаҟазаратә мчқәа 30 шықәса рхыҵра, амчыбжь хыркәшахеит Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоуи" Афон ҿыци рыҟны аҭыԥ змаз ахысрақәа рыла.
Sputnik

Абжьаҟазаратә мчқәа

Аԥсны абжьаҟазаратә мчқәа алагалоижьҭеи 30 шықәса ҵит. Аҟәа имҩаԥысит абжьаҟазаҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара. Анаҩс имҩаԥган амитинг. 30 шықәса раԥхьа урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа Аԥсны ралагалара аԥсуа дгьыл аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәгылара шьаҭас иаиуит ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа ауснагӡатә аҿы иқәгылараан.
"14 шықәса ирылагӡаны 70-нызқьҩык рҟынӡа урыстәылатәи аруаа, амедусзуҩцәа, аграждантә ҟазацәа Аԥсны аҭынчра ашьақәыргылареи абжьаҟазареи аус нарыгӡон. Дара агәымшәара аарԥшуа, рус дырны, аҭыԥантәи ауааԥсыра ршәарҭадара иахылаԥшуан, ирыхьчон", — ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.
Иахьа Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу астратегиатә усеицуреи аиҩызареи аҽарӷәӷәоит, ҳреспублика Урыстәыла зықәгәыӷша ҳәынҭқарроуп, уи иҷыдоу арратә операциа раԥхьатәи амшқәа инадыркны иадгылоуп ҳәа инаҵишьит атәыла ахада.
Президент Аслан Бжания поздравил соотечественников с 30-летием со дня  ввода миротворческого контингента Российской Федерации в Абхазию.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2024
Аԥсны
Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа ргәаладыршәеит Аҟәа
Лаҵарамза 14 1994 шықәса рзы Москва ахымца аанкыларази амчқәа реидыхрази аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын. Уи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аимак аҭыԥахь Урыстәыла Арбџьармчқәа рышьаҭала еиҿкааз Ихьыԥшым Амилаҭқәа Реидгыла абжьаҟазаратә мчқәа аларгалон.
Аԥсны аҭынреиҿкааратә усқәа нарыгӡон 1994 шықәса инаркны 2008 шықәсқәсанӡа. Официалла уи аусура аанкылан цәыббра 1 2008 шықәса инаркны.

Агәалашәареи алахьеиқәреи рымш

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аналагаз амш инамаданы агәаларшәареи алахьеиқәреи иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Аҟәа, асабша рашәара 22 рзы.
Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи Россотрудничествеи рхаҭарнакцәа, Аԥсни Урыстәылеи рыруаа, ауаажәларра.
Иара уаҟа имҩаԥган амитинг, игеит Аԥсни СССР-и ргимнқәа. Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵар ргәаладыршәеит минуҭктәи аҿымҭрала.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи аџьеи рветеранцәа рхеилак ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Закан Нанба иқәгылараҟны иҳәеит аибашьра адәаҟны ишаанхаз 26 миллионҩык инареиҳаны асовет уааԥсыра, урҭ рыбжьара 17,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи шракәыз.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иазгәеиҭеит, 1941 шықәса рашәара 22 инаркны ауаатәыҩсатә реиԥш аекономикатә цәыӡқәагьы роура ишалагаз.
"Аӷа дыӷәӷәан. Уи иаҿырԥшны ҳиааирагьы ахә еиҳа иҳаракын. Аиааира шьақәҳарӷәӷәеит ЕАР аԥҵаралагьы. Аиҿкаара Аԥҟаԥҵәаҿы иазгәаҳҭеит аҳәынҭқарра-ӷацәа. Иахьа урҭ аҳәынҭқаррақәа роуп Украина бандераа ирыцхраауагь", - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны БРИКС ахәмаррақәа рыҟны

Аԥсны БРИКС ахәмаррақәа рыҟны 13-тәи аҭыԥ аанакылеит.
Аԥсуа спортсменцәа быжь-медалк иаԥсахеит.
Ахьтәы медал абокс аҟны ианашьахеит Герман Арџьениа.
Араӡны медал Рамазан Арапханов, абырзен-аурым еиқәԥараҿы.
Аџьаз медалқәа ранашьоуп Беата Арышԥҳа абокс азы, Инал Гаделиа — адзиудо, Мараҭ Кәакәасқьыр — зых иақәиҭу аиқәпараҿы, Рахман Напиџьев — асамбо, Даниил Харчлаа —зых иақәиҭу аиқәԥараҿы.
Езгоу Урыстәыла акоманда — ахьтәы медалқәа 262, араӡны — 141, аџьаз — 99.

Аҳаирбаӷәазаҿы аилацәажәара

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҟны имҩаԥысит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа хантәаҩра ззиуаз аусуратә еилацәажәара.
Аиԥылараҟны иалацәажәеит аҳаирбаӷәаза комплексла арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа. Аилацәажәара алахәцәа инарҭбааны ареспублика атранспорттә инфраструктура аҿиаразы аҵак ду змоу ари апроект ду аганқәа зегьы ирзааҭгылеит.
Сухумский аэропорт - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2024
Аԥсны
Аҟәатәи аҳаирбагәаза Шәачатәи аҳаирбаӷәаза иақәу ақәыӷәӷәара ахнахуеит иҳәеит Вольвач
Ҳазҭагылоу аамҭазы аусурақәа мҩаԥысуеит ашьҭԥраара-ртәарҭатә цәаҳәаҟны адҷарсҭақәеи аҳаирпланказармеи реиҭашьақәыргаларазы, аиԥшьырҭақәа агерметизациа рзуразы. Аперрон аҟны ихыркәшахоит ахҟьа хыхьтәи аҿыгҳара ақәхра иазку аусура. Ихыркәшоуп аинерттә материалқәа рышьҭаҵарҭақәа реиҿкааразы абаза азырхиаразы аусура. Иара убас ихыркәшоуп аиҭашьақәыргылара апроцесс аан хархәара зауа ацемент-бетонтә зауадқәа реибыҭара.
Аусурақәа зегьы ишарбаз аамҭала имҩаԥысуеит. Аилацәажәара ахыркәшара ашьҭахь атәыла ахада дахәаԥшны ибеит ашьҭԥраара-ртәарҭатә цәаҳәаҟны аусурақәа шымҩаԥысуа.

Адепутатцәа рделегациа Москва рыҟазаара

Аԥсны Апарламент аделегациа жәларбжьаратәи афорум "Пушкинские чтения" иалахәын. Афорум аҿы иқәгылаз Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит аурыс литература Аԥсны ашколқәеи ауниверситети рҿы ишырҵо, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аԥсшәахь ишеиҭаргахьоу Александр Пушкини егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа дуқәеи рырҿиамҭақәа.
"Агәра згоит ҳфорум аҟны аԥышәа аимдареи ажәалагалақәа рыҟаҵареи абызшәарацәара ишацхраауа, ишеиӷьнатәуа ҳтәылақәа рҿы аурыс бызшәа аҵара ахаҭабзиара, агуманитартә усхк аҟны ҳаимадарақәа шарҭбаауа", - ҳәа иҳәеит Ашәба.
Апарламент аиҳабы инаҵшьны иазгәеиҭеит, аурыс бызшәа аԥсуа бызшәа инаваргыланы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ирбызшәаны ишыҟоу. Хазы дырзааҭгылеит Россотрудничествеи Урыстәыла акультура аминистрреи ареспубликаҿы имҩаԥырго апроектқәа.

Апрокуратура агәаҭарақәа мҩаԥнагоит

Аҟәа Апрокуратура ашьаусԥшааранӡатә гәаҭарақәа мҩаԥнагоит иаанкылаз ауаҩы иганахьала амч ахархәареи амилициа аусзуҩцәа рмаҵуратә зинмчқәа рхыҳәҳәареи афакт ала.
Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла ашьаус ахацыркразы аӡбамҭа рыдыркылоит.
Асоциалтә ҳақәа рҿы иаладырҵәеит амилициа аусзуҩ иоуп ҳәа агәҩара ззыҟоу ауаҩы егьырҭ аусзуҩцәа рыла ишабо ипҟара дшаҿу зну авидео.
Аԥсны АҩАР ахатә шәарҭадара аусбарҭа амаҵуратә усҭҵаара мҩаԥнагеит — Аҟәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа актәи аҟәша аусзуҩ аусура дамхуп, егьырҭ аԥара дыршәоуп. Аҟәша аиҳабы алеишәатә ҭакԥхықәра дақәыршәоуп.

Аҳаҭыртә ҟарул арота

Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аҳаҭыртә ҟарул арота аԥҵоуп амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар идҵала.
"Аҳаҭыртә ҟарул аҳәынҭқарра ахада ивагыланы аҳәаанырцәтәи асасцәа ирԥылоит, иреиҳаӡоу аҩаӡараҟны имҩаԥысуа аҳәынҭқаратә усмҩаԥгатәқәа зегьы ирылахәуп", — ҳәа азгәеиҭеит Дмитри Дбар, аелитатә ҟәша ангәеиҭоз.
Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аԥҵан рашәара 15 1992 шықәсазы.

Ԥсоу аҳәааҟны ахысра

Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" иҟалаз ахысра иахҟьаны аӡәы дҭахеит, хҩык ахәрақәа роуит ахәылбаҽха рашәара 23 рзы.
Аимак рхылҿиааит ҩыџьа Аԥсны атәылауаа. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ацәгьа зуз рхаҭарақәа шьақәдыргылеит. Иахәҭоу аусқәа зегь нарыгӡоит иаанкылан ақәнага рақәыршәаразы.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны ахысра ҟалеит ҳәа аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟалеит асааҭ 16:55 рзы, амҽыша.
Ахысраан ахәра зоуз 17 шықәса зхыҵуа аҭыԥҳа лыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам, иахәҭаз амедицинатә цхыраара лыҭоуп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аҟны. Гагратәи ахәшәтәырҭа ареанимациатә ҟәшаҟны дышьҭоуп зыӷра хәу ахаҵа. Даҽаӡәы зшьаргәацәаҿ ахәра зоуз ахаҵа Аҟәа Ареспубликатә хәшәтәырҭахь даагоуп.

Афон ҿыц ахысра

Афон ҿыц иҟалаз ахысра иахҟьаны аӡәы дхәуп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны апрокуратура хадаҟны.
Иҟалаз ахҭыс азы аҭҵаарақәа цоит.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, ахәра зоуз Аҟәа ареспубликатә хәшәтәырҭахь даагоуп, иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам.
Азинхьчаҩцәа аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит иҟалаз ахҭыс азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0