Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Аршба аԥсуа спортсменцәа разыҟаҵареи ирыҭатәу азҿлымҳареи ртәы

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Аршба аԥсуа спортсменцәа разыҟаҵареи ирыҭатәу азҿлымҳареи ртәы
Анапаҵаҩра
БРИКС ахәмаррақәа рҿы аԥсуа спортсменцәа рхатә бираҟ иаҵагыланы ралахәхара, аицлабрақәа рҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа раанкылара рҵакы, иаҳзаанартуа амҩақәа, уи ҳхы ишаҳархәаша, иахьа ҳаспортсменцәа разыҟаҵараан азҿлымҳара зҭатәу, анаҩстәи БРИКС ахәмаррақәа рахь ҳнарԥхьаразы лшарақәас иҟоу, уажәтәи аицлабрақәа рҿы алҵшәа еицәамкәа ақәгылара заҭаху, арҭқәа арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит Аԥсны Амилаҭтә Аолимпиатә еилакы ахада Валери Аршба.
"Аспортсмен ду дуааӡарц, алҵшәа иоурц азы ааӡаҩ мацара дазхаӡом, диҭахуп апсихолог, ифатә иацклаԥшуа адиетолог, амассаж ҟазҵо. Абас аџьабаа идбаланы, уи имоу аҟыбаҩ ацҵаны иҟамлар, ааӡаҩ мацара ила даара ицәгьоуп, иузыҟаҵаӡом. Апсихологиа аганахьала иазыҟаҵаӡамызт, сара самыхәаԥшуази стәаны. Даҵахозшәа анибоз (ҳаспортсмен- азгәаҭа), игәы каҳауан, иубартә иҟан, нас иаразнак ала ирыцәцон (аиааира –азгәаҭа). Абарҭқәа зегьы ҳрыхәаԥшроуп, иазхәыцтәуп. Ахәынҭқарра аџьабаа амбакәа, ацхыраара анамҭакәа аспорти акультуреи ԥхьаҟа изцаӡом. Аԥсны анҭыҵ уҳәынҭқарра дзырбо абарҭқәа роуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аршба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0