Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Какоба ашколқәа раушьҭымҭацәа рдыррақәа аҩаӡара иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Какоба ашколқәа раушьҭымҭацәа рдыррақәа аҩаӡара иазкны
Анапаҵаҩра
Ашколқәа раушьҭымҭацәа рзы аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа - 2024" аихшьаалақәа рыла 109-ҩык Аҳәынҭуниверситет актәи акурс рахыԥхьаӡалараз ажәалагала ҟаҵоуп. Урҭ рахьынтәи 26-ҩык актәи аҭыԥқәа ааныркылеит, 24-ҩык араӡны иаԥсахеит, 12-ҩык — аџьаз. 47-ҩык аушьҭымҭацәа абаллқәа рзымхаӡеит, аха амаҭәарқәа рыҟны адырра бзиақәа аадырԥшит.
Уажәшьҭа истудентцәоу аҿар рдыррақәа рыҩаӡара зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, ААУ адкыларатә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Адгәыр Какоба.
Имаҷымкәа адырра ҵаулақәа аазырԥшуа Аԥсны анҭыҵҟа ицаны егьырҭ аҵараиурҭақәа ирҭалоит, нас ихынҳәны иааны ара аусура иалаго маҷуп, убри аҟынтә ААУ аректор еиуеиԥшым амҩақәа азиԥшаауеит ашколқәа раушьҭымҭацәа ара иаанхартә еиԥш, иҳәеит аиҿцәажәараҿы Какоба.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы аолимпиада зхы алазырхәуа рхыԥхьаӡара рацәоуп, аханатә ишәозгьы, шьҭа дара ашкол аушьҭымҭацәагьы ирбоит, аобективла, ииашаны ишрызнеиуа, ҳәа азгәеиҭеит ААУ адкыларатә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Адгәыр Какоба.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0