Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Адунеи хызфаауа аӡәгьы дыҟам": ауаҩы иҿҳәара иазку аҳәамҭақәа рахьтә

© Sputnik / Марианна Кубрава Погода
Погода - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2024
Анапаҵаҩра
Анцәа адунеи аниша, адунеи ианылаз зегь рыҿҳәарақәа риҭеит рҳәоит аԥсуаа. Убри агәаанагара иашьашәалоу аматериал ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Иуаароуп, аԥсҭазаара уаароуп,
Ирхынҳәтәуп ианааилак аҿҳәара.
Таиф Аџьба
"Ҿҳәара змам егьыҟам" - рҳәоит аԥсуаа. Уи ахшыҩҵак агәрагьы ргаҵәҟьоит. Ҳмилаҭтә философиа инақәыршәаны, ԥсы зхоу зегьы адунеи иананылоз Ҳаиҳа зымҽу иҟнытә ҿҳәарак-ҿҳәарак раҭәашьахоит.
Абасала ауаҩгьы, аӡыхь хәыҷгьы, амшын дуӡӡагьы, зегьы-зегьы ирымоуп рхатәы ҿҳәара.
Аамҭа иџьоушьаша цәырҵроуп. Уанагхо иуцәмаҷуп, уаныԥшу имыцхәуп. Иҟоуп ауаҩы аамҭа данажьо, иара итәала изоужьу аамҭа аҿҳәара шкьаҿу гәамҭаӡакәа зегьы срыхьӡоит шиҳәо, иԥҵәаз еимхәыцшәа игәыӷрақәа зегьы импыҵышша ианцо.
Аҿҳәара алацәажәара иацҵо абра иарбатәуп ҳәа исыԥхьаӡоит Заур Быҭәба ишәҟәы "Чаҵә Чагә ихҭысқәа" иагәылалаз жәлар рҳәамҭак:
"Анцәа адунеи аниша, зегь рыҿҳәарақәа рыҭо дшааиуаз ауаҩи, алеи, аҽадеи, амаамыни, акәуеи даарыдгылт. Ауаҩы ԥшьынҩажәи жәаба, ала ҩажәа, аҽада ҩажәеи хәба, амаамын ҩынҩажәа, акәуа хышә шықәса ақәранҵыра риҭеит.
Анна Сангулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2019
"Изыԥҵәоу аамҭа": алахьынҵа аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы
Аха аԥстәқәа рыԥсҭазаашьа шыцәгьахоз анырба, уи аҟара ақәра мап ацәыркит: ала, аҽада, амаамын уҳәа рыҿҳәарақәа рҟынтә жәаба-жәаба шықәса дырхынҳәит. Акәуа, зынӡа аӡмах иазгәаан, ҩынҩажәижәаба шықәса шьҭанаҵеит.
Ауаҩы дахьгылаз Анцәа диҳәеит, абарҭ аԥстәқәа иаанрыжьыз ашықәсқәа иара иоуразы.
– Ибзиоуп! Уаазыҳәаз зегьы умаз, иусҭеит, аха иудыруаз, раԥхьатәи ажәашықәсада егьырҭ зегьы, грак-грак шрыцу, – иҳәеит Анцәа".
"Адунеи хызфаауа аӡәгьы дыҟам", ауаҩы уи зны-зынла ихашҭлоит. Аҳәамҭа алацәажәара ҳазыхынҳәуазар, Анцәа иҳәахьа наӡеит. Ауаҩы ԥшьынҩажәижәаба дырҭысны шәкы рахь дандәықәла, дбырг ҟәышхеит, ддырхеит. Уи убас дыҟан Анцәа иқәра ахыхь ииҭаз ажәашықәса нҵәаанӡа.
Шәкы дырҭысны иҿанынеиха, дажәит, имч хомызт, аха игәы еицҳауан. Убри инаҿыҵганы аӷьра ҵигеит. Иҟазшьа аҽаԥсахуамызт ала атәы ииҭаз ажәашықәса нҵәаанӡа.
Шәи жәаба инадыркны шәи ҩажәа рҟынӡа, аҽада иатәыз ашықәсқәа ниҵуанаҵы, ихшыҩ иагхеит. Шәи ҩажәеи шәи ҩажәижәабеи рыбжьара, амаамын ашықәсқәа ниҵуанаҵ, хәарҭа имамкәа дыхәеит, иԥшра еицакит.
Очаг - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2018
Ашацәа, мамзаргьы алахьынҵазы аԥсуаа ргәаанагара
Шәи ҩажәижәаба данаарҭыс, акәуа еиԥш ԥшьынаԥха аныҟәара далагеит, нас уаҳа наилымшо ииарҭа даалахеит.
Ауаҩы абарҭ ашықәсқәа зегьы акакала данырҭыс еиликаауеит, уара иуҿҳәарам аилаҳара шаҭахым. Ашықәсқәа рганахьала иааирԥшыз аԥсымҭәра изыхәарҭамхеит.
Ауаҩы ихаҭара, игәаҭа ҭызфаауа аԥсымҭәра: шьоукы лаҵас, шьоукы ҽадаҵас, даҽа шьоукых маамынҵас иҭанархоит. Заҟа шықәса рхыҵуагьы иахәаԥшуам.
Убри азы акырӡа аҵанакуеит иҳамоу аҿҳәара ԥстәҵас акәымкәа, уаҩҵас амҩасра. Уи дарбанызаалак хықәкыс имазароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0