Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ажьиԥҳа аԥхын Гагра аҵараусҳәарҭақәа реиҭашьақәыргылара иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ажьиԥҳа аԥхын Гагра аҵараусҳәарҭақәа реиҭашьақәыргылара иазкны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҿы аԥхын аамҭа иалагӡаны ашколқәеи, ахәыҷбаҳчақәеи аҵарашықәс ҿыц ишазыҟарҵо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит араион аҵараҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа.
Гагра араион ахадара адгылара бзиа арҭоит аҵараусҳәарҭақәа рхыбрақәа реиҭашьақәыргылара аус лҳәеит Ажьиԥҳа лцәажәараҟны.
"Абаҩрҵәыра ахьымҩаԥырго аспорттә зал Бзыԥҭатәи актәи абжьаратә школ аҟны шьаҭанкыла аргылара цоит, аҵарашықәс цәыббрамзазы ҳанҭало, урҭ аусурақәа хыркәшахоит ҳәа агәра ганы ҳаҟоуп. Аспорттә ҭыԥ адәахьы ирымоуп уа. Атлетика лас азы аҽазыҟаҵарҭа ҭыԥ заҵәык акәын иҳамаз. Уажәы араион ахада адгылара ҳаиҭеит уи ашкол аҟны атлетика лас азы аҭыԥ аиҿкааразы", - лҳәеит Ажьиԥҳа.
Лара еиҭалҳәеит ақалақь аҟны ахәыҷбаҳчақәа разымхара азҵаара аӡбаразы иазгәаҭоу ауснагӡатәқәа ртәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0