Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лагәлааи Габалиеи еиҭарҳәеит Google аҟны аԥсышәала аиҭага шыҟалаз атәы

Анапаҵаҩра
Мышқәак раԥхьа Google аҟны аурыс бызшәаҟынтәи аԥсшәахьи аԥсуа бызшәаҟынтәи аурысшәахьи ажәақәа реиԥш аҳәоуқәагьы реиҭагара аларшахеит ацҵаҟнеиԥш асаит адесктоптә версиаҿгьы.
Аԥсуа бызшәа арҿиаразы Б. Шьынқәба ихьӡ зху афонд аусзуҩцәа Леуан Лагәлааи Дырмит Габалиеи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит Google аԥсышәала арцәажәара шалыршахаз атәы. Ирҳәеит ари апроект авторс дшамоу Иорданиантәи Аԥсныҟа ихынҳәыз Нарҭ Ҭлыша. Иара имаз игәҭакқәа анагӡара дшаҿу. Google аԥсышәала арцәажәарагьы аԥшьазгаз иара шиакәу. Игәҭакы аԥсҭазаарахь аларҵәаразы иаҭахыз зегьы шыҟаиҵаз Леуан Миқаа.
Шәахәаԥш инарҭбаау авидеонҵамҭа.
Ажәабжьқәа зегьы
0